АҞӘА, хәжәк 17 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа XXXI жәларбжьаратәи аиҿцәарақәа рыҽрыладархәырц азы Женеваҟа инеихьеит, абри атәы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.
"Аиҿцәажәарақәа ишаԥу еиԥш, ҩ-гәыԥкны имҩаԥгахоит– ашәарҭадареи, агуманитартә проблемақәеи рыла. Ашәарҭадара атемала, аԥсуа ган аиҿцәажәара астагнациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭархь азымааира апроблемеи ирылацәажәараны иҟоуп", – иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Аԥснытәи аделегациа аиҿцәажәарақәа раан аҳәынҭқарра атәылауаа жәларбжьаратәи реимадарақәа рзы аԥынгылақәа раԥыхра азҵаара иалацәажәараны иҟоуп.
Агуманитартә зҵаарақәа рыла аусуратә гәыԥ аҟны Аԥсны ахаҭарнакцәа 1992-1993 шықәсқәа рзы ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара апроблема иалацәажәоит. Уи адагьы Аԥсны аҳәаа иахыганы игаз акультуратә мал архынҳәра азҵаарагьы иалацәажәоит.
"Аԥсуа ган ахҵәацәа рырхынҳәра азҵаара иалацәажәаӡом", – иҳәеит Кан Таниа.
2014 шықәса ԥхынҷкәын 9-10 рзы имҩаԥгаз Аахыҵ Кавказ аҟны ашәарҭадареи, аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа Женева Еидҵу Амилаҭқәа реилазаара Ахан аҟны имҩаԥган.