Тҟәарчалтәи Акультуратә хан аҟны апремиера шцоз асценахь алҩа ықәлеит

© Sputnik Томас ТхайцукТкуарчалский Дворец культуры
Ткуарчалский Дворец культуры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апремиера ацара ишаҿыз акулисақәа рҟынтә асценахь аллҩа ықәлеит, ахәаԥшцәа аевакуациа рылаҳәан, идәылҵит. Аҭыԥахь иааит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа.

ТҞӘАРЧАЛ, хәжәк 20 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр асезон аанартит акиргиз драматург М. Баиџьиев ипиеса "Асабша ашьыбжьышьҭахь" захьӡу ала.

Апремиера ацара ишаҿыз акулисақәа рҟынтә асценахь аллҩа ықәлеит, ахәаԥшцәа аевакуациа рылаҳәан, идәылҵит. Аҭыԥахь иааит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа. Урҭ ааиаанӡагьы Акультура ахан аусзуҩцәа алҩа ааира зхылҿиааз амызыз рыԥшааит, апроблемагьы рыӡбеит. Ахәаԥшцәа азал ахь ихынҳәын аспектакль иацҵахеит.



Ажәабжьқәа зегьы
0