АҞӘА, хәжә 21 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуаҩцәа агәыҳалалратә акциа ”Абзиара ҟаҵала” аетапқәа руак мҩаԥнагеит Донецктәи жәлар республикантә ԥсшьара иааз ахәыҷқәа рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуаҩ Оксана Доровскаиа.
“Ҳара ҳгәыҳалалратә акциа мҩаԥысуеижьҭеи акрааҵуеит. Донецкынтәи ахәыҷқәа Аԥсны иҟоуп ҳәа анҳаҳа аганаҿ ҳзымгылеит, иҳалшо ала ҳрыцхраарц ҳаӡбеит. Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуаҩцәеи урҭ рҭаацәеи афатә-ажәтә, амаҭәа еизыргеит, иара убас аԥарагьы”, — лҳәеит Доровскаиа.
Оксана Доровскаиа лажәақәа рыла ахәыҷқәа ирзыҟаҵоу афинанстә цхыраара дара ишырҭаху инырхыр ауеит. Иаҳҳәап амаҭәа аархәар, мамзаргьы ашколтә маҭәахәқәа, лҳәеит Доровскаиа.
Донецктәи азеиԥшрҵаратә школ-интернат адиректор Ольга Волкова аҳәаахьчацәа даараӡа иҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз ацхыраара азы.
“Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аԥаратә цхыраара адагьы, ҳара ҳганахь ала иаадырԥшыз ауаҩытәыҩсатә ԥхарра азы. Ҳара ҳхәыҷқәа дара бзиабарала ирызнеиуеит. Ари аԥсшьара ҳаҷкәынцәеи ҳаӡӷабцәеи рыԥсы ҭанаҵы ирхашҭуам”, — уагәра ганы дыҟоуп Волкова.
ДЖӘР ашкол-интернат 23-ҩык ахәыҷқәеи хә-ҩык ааӡаҩцәеи рреабилитациа Аҧсны ахадара рыцырхырааны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иҿнакааит. Аминистр Лев Кәыҵниа ихаҭа Украина дцаны ахәыҷқәа ааигеит.
Мчыбжьык иҭагӡаны ахәыҷәеи ааӡаҩцәеи аҳәынҭқарра еиуиҧшым аблахкыгарҭақәа ирҭаахьеит. Аҟәа аботаникатә баҳчаҿы иҟан, амаамынқәа рпитомник, амшын аҧшаҳәа уҳәа. Иара убас Аҧсны асасцәа хыҷқәа Гагреи Пицундеи ирҭан, уаҟа дара рзы еиуеиҧшым аекскурсиатәи акультуратәи программақәа рзеиҿыркааит.