00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Донецктәи ахәыҷқәа Гагра иаҭааит

© Sputnik Томас ТхайцукДети ДНР в Гагре
Дети ДНР в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Донецктәи ахәыҷқәа ақалақь-курорт Гагра аҭҵаара иалагеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз гагра аҵеицәа рбаҟа аҭаарала.

ГАГРА, хәжәк 5 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Донецк жәлар республика ашкол-интернатқәа рҟынтә Аԥсныҟа ԥсшьара иааз ахәыҷқәа иахьа Гагра иаҭааит, ҳәа ааицҳауеит аҭыԥан иҟоу Sputnik акорреспондент.

Ахәыҷқәа гагратәи Ахьӡ-аԥша абаҟа иаҭааит, уаҟа дара ирзеиҭарҳәеит Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аҭоурых. Анаҩс Гагра ақалақь ахьубарҭоу аԥшырҭа ҭыԥ ахь ицеит, ҳәа еиҭеиҳәеит арҿиаратә клуб "Фиеста" адиректор Расмаг Кьетиа.

Дети из ДНР в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Донецктәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа ԥсшьара иааит

"Донецкынтәи ахәыҷқәа ҳзаауеит ҳәа анаҳдыр, агәыҳалалратә фонд “Madonna Lily” ҳҽамаданы иҳаӡбеит урҭ рыԥсшьара рхамышҭуа иеиҿаҳкаарц", – иҳәеит Кьетиа.

Агәыҳалалратә фонд “Madonna Lily” ахаҭарнак Гьаргь Берзениа иазгәеиҭеит ахәыҷқәа ақалақь аныддырба ашьҭахь арлахҿыхратә программахь ииасит, акәашарақәеи, ашәаҳәарақәеи, еиуеиԥшым аицлабрақәеи зцыз. Уи анхыркәшаха ашьҭахь ахәыҷқәа зегьы аҳамҭақәа рырҭеит.

Аҽны ақәа шауазгьы ахәыҷқәа даара иргәаԥхеит ирбаз ираҳаз.

"Сара даара исгәаԥхеит амшын. Аҩны, Шахтиорск ахысра иаҿуп, ара иҭынчроуп, зынӡаскгьы сшәаӡом", – лҳәеит 14 шықәса зхыҵуа Евгениа Чернокожа.

Донецктәи ахәыҷқәа Аԥсныҟа раагара еиҿнакааит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, атәыла ахадара ацхыраарала. Ахәыҷқәа араҟа хы-мчыбжь инарзынаԥшуа иҟазаауеит, уи аамҭа иалагӡаны Аԥсны аҭыԥԥшӡарҭақәа ддырбалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0