Москва иҟоу аԥсуа диаспора есышықәсатәи реиԥылара мҩаԥысит

© Фото : Бадра ЛейбаЕсышықәсеиԥш аԥсуа диаспора Москва еиқәшәеит
Есышықәсеиԥш аԥсуа диаспора Москва еиқәшәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва иҟоу аԥсуа диаспора апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, ари ашықәс азы аиԥылара 450-ҩык аԥсуаа еизнагеит.

АҞӘА, хәжәк 24 – Sputnik. Москва 57-тәи аԥсуа диаспора есышықәстәи реиԥылара мҩаԥысит, абри атәы Москва Аԥсуа Диаспора апресс-маҵзура Sputnik иазаарыцҳаит.

"Ас еиԥш аиԥыларақәа Москва иҟоу аԥсуа диаспора рзы рҵакы дууп. Аԥсны жәлари, ибеиоу аԥсуа культуреи рыхәҭакхаразы ицхыраагӡоуп", – иҳәеит Москва Аԥсуа Диаспора иҳабы Беслан Аграба.

Москватәи Аԥсуа Диаспора апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, ари ашықәс азы аԥсуа диаспора еизнагеит 450-ҩык Москва инхо аԥсуаа.

"Есышықәстәи аиԥылара даара иԥханы имҩаԥысит", – ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура аацҳамҭаҟны.

Аиԥылара иаҭааит асас дахьқәа Сириа Арабтәи Аҳәынҭқарра, Аҳәынҭқарра Бенин ацҳаражәҳәаҩцәа, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Палестина Ацҳаражәҳәареи ахаҭарнакцәа, Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, аԥсуа-абаза жәлар аконгресс ахада Ҭарас Шамба, иара убас москватәи ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0