Адраматург Баиџьиев деигәырӷьоит ипиеса афырхацәа ԥсышәала иахьцәажәаз

© Sputnik КыргызстанКиргизский драматург Мар Байджиев.
Киргизский драматург Мар Байджиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыргыз драматург Мар Баиџьиев ипиеса "Асабша ашьыбжьышьҭахь" аԥсышәала Тҟәарчал ишықәдыргылаз аниаҳа дшеигәырӷьаз иҳәеит.

АҞӘА — хәжәк 26, Sputnik. Акыргыз драматург Мар Баиџьиев ипиеса "Асабша ашьыбжьышьҭахь" аԥсышәала Тҟәарчал иахьықәдыргылаз даара игәы иахәеит, иагьџьаишьеит, ҳәа аанацҳауеит аинформациатә маҵзура Spunik Кыргызстан.

Аспектакль "Асабша ашьыбжьышьҭахь" апремиера Ҭҟәарчал имҩаԥысит

"Апиеса ықәдыргылахьан Алма-Ата, Ташкент уҳәа ақалақьқәа рҟны, насгьы еиҳараӡак атиурк бызшәақәа рыла. Аԥсны ишықәдыргылаз ансаҳа, даара иџьасшьеит, избанзар аԥсуа бызшәа тиурк бызшәаӡам. Сара ари ахҭыс даара сеигәырӷьеит", — иҳәеит Баиџьиев.

Ашәҟәыҩҩы гәахәарала иазгәеиҭеит иара иааирԥшыз аиумор егьырҭ ажәларқәагьы еилыркаауа иахьыҟоу ҳамҭа дук акәны ишидикыло.

"Уара утәылаҿы иҟоу апублика адагьы атәым хәаԥшҩы дузырччазар, ус анакәха аԥҵамҭа ахә амоуп ҳәоуп иаанаго. Шьҭарнахыс сыԥсҭазаара баша имҩамсит сҳәар сылшоит", — азгәеиҭеит Баиџьиев.

Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр асезон ҿыц аатит акыргыз драматург Мар Баиџьиев ипиеса "Асабша ашьыбжьышьҭахь" апремиера ала хәажәкыра 20 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0