ҬҞӘАРЧАЛ, хәжәк 20 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны атеатралтә сезон аартын Кьыргьызтәи адраматург Мар Баиджиев ипиеса иалху аспектакль "Асабша ауха" ала. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ Сырбеи Сангәлиа.
“Еицырдыруа Кыргызтәи адраматург ипиеса даара азҿлымҳара амоуп. Уи иаҵоу атематикеи аԥсихологиеи еснагь актуалра рымазаауеит, уи ҳара ҳҟазшьақәа иахьрықәшәо рацәоуп“, — иҳәеит Сангәлиа.
Арежиссиор иажәақәа рыла, Мар Баиџьиев ипиеса "Асабша ашьыбжьышьҭахь" трагикомедиоуп, х-қәгыларак рыла ишьақәгылоуп. Аспектакль иаанарԥшуеит ауаажәлар рыԥсҭазаара иалахәу ауаҩы иморалтә ҭагылазаашьа иазку азҵаарақәа.
Ҭҟәарчалтәи атеатр актиор Нури Аџьынџьал иазгәеиҭеит хы-шықәса зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуаз атеатр аартра арҿиаратә коллектив зегьы ргә хыҭ-хыҭуа ишазыԥшыз.
“Акультуратә хан аҟны аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцозгьы ҳара аҽазыҟаҵарақәа ҳшырҿыц ҳарҿын. Еиуеиԥшым аспектакльқәа ҳаманы Аԥсны араионқәа ҳарҭаауан“, — иҳәеит Аџьынџьал.
Атеатр арежиссер Сырбеи Сангәлиа Sputnik акорреспондент иеиҳәеит хадара ззиуа атеатр аҟны жәохә-ҩык актиорцәа шыҟоу. Уи иазгәеиҭеит урҭ рыбжьара ишыҟоу жәлар рартистцәа атеатр анаартха инаркны аус зуа.
“Атеатралтә сезон ҿыц иазҳархиеит аспектакльқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп аԥсуа шәҟәҩҩцәа раԥҵамҭақәа ирылху ауаа ирбахьоу аспектакльқәеи иҿыцқәоуи“, — иҳәеит Сангәлиа.
Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акамедиатә театр аартын 1955 шықәсазы. Раԥхьатәи апремиера ықәыргылан аԥсуа актиор ду, арежиссиор, адраматург Шәарах Ԥачалиа иаԥҵамҭа "Ачара ду".
Актиор ду иԥсҭазаара даналҵ атеатр ихьӡ ахырҵеит.
2009 шықәса аахыс Тҟәарчалтәи атеатр аиҳабыс дыҟоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа.