Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа реилагаразы 550-ҩык аанкылоуп

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничный пункт "Ингур" в Гальском районе Абхазии. Архивное фото.
Пограничный пункт Ингур в Гальском районе Абхазии. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса актәи аквартал азы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуаҩцәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа ахысра аԥҟарақәа реилагаразы 550-ҩык ауааԥсыра ааныркылеит.

АҞӘА, хәжәк 27 – Sputnik. Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа аҟны ашәарҭадара аԥҵаразы аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара инақәыршәаны, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусуаҩцәа 2015 шықәса раԥхьатәи хымз ирҭагӡаны иааныркылеит шәҩыла изакәанымкәа аҳәаа ахысра зҽазызшәаз. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

"Аҳәаа ахысразы аԥҟарақәа еилазгаз 30-ҩык инарзынаԥшуа ауааԥсыра аанкылан. 500-ҩык инареиҳаны — аҳәынҭқарртә ҳәаа аилагаразы, урҭ рахьтә 320-ҩык инареиҳны Аԥсныҟа рхы хан", — ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аԥсны, Егры, аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа - Sputnik Аҧсны
Аконтрабанда закәанла аҳәаа иахысуеит

Аҳәаахьчаратә усбарҭа аинформациа ала, имҩаԥгаз аусқәа ирылҵшәаны иԥшаан ахысратә бџьарқәа хәба, 700 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым аџьыԥҳаны, агранатақәа хԥа.

Апресс-маҵзура иаанацҳауеит Аԥсни Кырҭтәылеи рҳәаа сынтәа 200 нызқьҩык ауааԥсыра шахысхьоу, 62-ҩык аҳәаа ахысразы азин рырымҭеит. Иара убас, х-ҩык дара иртәымыз адокументқәа рыла аҳәаа иахысырц рҭахын.

"Ҳара ҳусбарҭа аусуаҩцәа аӡсаратә хархәагақәа 85 ргәаҭара мҩаԥыргеит, урҭ рахьтә ԥшьба аанкылан аҳәаахысратә ԥҟарақәа реилагаразы", — аанацҳауеит Аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Иаанкылаз ауааԥсыреи, абџьари, аџьыԥҳани 2009 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә усбарҭахь ишьҭуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0