Ален Аҩӡба Ҭырқәтәыла имҩаԥысуа аԥкьаҭасразы атурнир далахәуп

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥкьаҭмпыл. Архивтә фото.
Аԥкьаҭмпыл. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа аԥкьаҭмпыласҩы қәыԥш Ален Аҩӡба Анталиа имҩаԥысуа аԥкьаҭасразы атурнир "Gd Tennis Cup 2015" ихы алаирхәуеит.

АҞӘА, хәжәк 30 — Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсуа спортсмен Ален Аҩӡба Анталиа иалагаз аԥкьаҭасразы ақәыԥшцәа ртурнир "Gd Tennis Cup 2015" ихы алаирхәуеит. Абри атәы аԥкьаҭампыл асҩы Sputnik акорреспондент иаиҳәеит.

"Сара сеиндаҭлаҩцәа ӷәӷәоуп, убри иахҟьаны атурнир аҟны аиааира мариахом. Афинал аҟынӡа снеирц азы хәынтә сыхәмарны саиааироуп", – иҳәеит Ален.

15 шықәса зхыҵуа Аԥснынтәи аспортсмен иазгәеиҭеит, атурнир даиааир адунеи аҟны иреитинг ашьҭыҵра ишацхыраауа. Ален Аҩӡба иазгәеиҭеит адунеи аҟны иқәра иаҵанакуа рҟынтә иӷәӷәоу 10-ҩык аспортсменцәа дшырхыԥхьаӡалоу.

"Ари атурнир ӷәӷәала сҽазыҟасҵон. Изласылшо ала сыхәмаруеит. Атурнир аиааира сылшап ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит аԥкьаҭампыл асҩы.

Ҭырқәтәыла иҟоу Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнак Инар Гыцба Sputnik иазааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра Ален Аҩӡба атурнир аҟны иалахәхара ишацхрааз. Иара убасгьы, Гыцба иазгәеиҭеит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа руаӡәк Аҩӡба афинанстә цхыраа шииҭаз атәы, уи ихьӡ ацәыргара иҭахымхеит.

"Сара сганахь ала Ален ахәмарра бзиеи, аиааиреи изеиӷьысшьоит, иара убас зышьаҭа ӷәӷәаны иааникылаз аспорттә қәҿиарақәа еихеиҳап ҳәа сгәыӷуеит", – иҳәеит Гыцба.

Атурнир мчыбжьык имҩаԥыслоит, хәажәкыра 30 инаркны мшаԥы 5-нӡа.

Аԥкьаҭмпыл асразы атурнир "Gd Tennis Cup" еиҿнакааит Аԥкьаҭасразы Афедерациа 2004 шықәсазы, Ҭырқәтәыла, уи есышықәса Анталиа имҩаԥысуеит. Аиндаҭлара рхы аладырхәуеит 19 шықәса ирҭымсыц аспортсмен қәыԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0