Амлакра аԥшьызгаз ргәабзиара есааира иуашәшәырахоит

© Sputnik / Саида ЖибаАмлакра аԥшьазгаз ргәабзиара есааира иуашәшәырахоит
Амлакра аԥшьазгаз ргәабзиара есааира иуашәшәырахоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амлакра иалахәу ргәабзиара есааира иуашәшәырахоит ҳәа алкаа ҟарҵоит аҳақьымцәа.

ГАГРА, хәжәк 30 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Амлакра иалахәу аҭирҭатә комплекс "Континент" аусуаҩцәа ргәабзиара есааира иуашәшәырахоит. Амлакра ахәымш раан ацхыраара лас аҳақьым иҟалҵаз алкаақәа рыла, Светлана Иашьенко лҷаҷа лыхьуа иалагеит, Алексеи Кузнецов абронхит захьӡу ачымазара изцәырҵит, Земфира Чрыгбеи, Светлана Жьиԥҳаи, Алина Софоновеи ршьақәыӷәӷәара маҷхеит.

"Ҳара ахәшәқәа ҳзылырҩааит, аха урҭ акрануфалак ашьҭахь иужәыр ауп, ҳара акгьы ахьаҳамфо аҟнытә ахәшәқәагьы ҳзыжәуам", — рҳәеит амлакра иалахәу.
Гагра араион ахада Беслан Барцыц игәаанагарала, амлакра ацҵара хырҳага алам, избанзар "Аԥсны аргыларатә гәыԥи" Игор Варови рыбжьара асубарендазы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иахьазы уадаҩра ацны иҟам.

"Адокумент ииасыз ахәашаҽны напаҵаҩзар акәын, аха Варов ИАЕ "Континент М" адиректор хада иаҳасабала аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ахьилымшо азы уи макьана иаҵаҩым. Мышқәак ирылагӡаны "Континент М" аицаԥҵаҩцәа Игор Варов ихьӡала агәрагаратә шәҟәы рҩуеит, уи алагьы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩыртә дҟалоит", — иҳәеит Барцыц.

ТК Континент - Sputnik Аҧсны
"Континент" аусзуҩцәа: ҳазлагаз аус аҵыхәанӡа инаҳгоит

Беслан Барцыц иажәақәа рыла, асубарендазы иҟоу аиқәшаҳаҭра Игор Варов иинтересқәа ирықәшәоит.

"Мышқәак ирылагӡаны асубарендазы аиқәшаҳаҭра напаҵаҩхоит. Амлакра иалахәу рыгәҭынчымразы мзыз ыҟам", — иҳәеит ИАЕ "Континент М" аицаԥҵаҩ Саид Ҷанба.

Амлакра иалахәуп Светлана Жьиԥҳа, Алина Сафонова, Земфира Чрыгԥҳа, Светлана Иашьенко, Александр Кузнецов.

Рашәарамза 5, 2014 шықәса инаркны "Континент" аицаԥшьгаҩцәа ирыбжьалаз аилибамкаара иахҟьаны аҭирҭатә комплекс аркын.

"Континент" – Аԥсны аҭирҭатә ҭыԥ хадақәа ируакуп, уи аусура иалагеит 2004 шықәсазы, усуратә ҭыԥла еиқәнаршәон 130-ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0