Жәлар Реизараҿы Арӡынба ихьӡ анаунагӡатәразы азакәан иахәаԥшит

© Sputnik Томас ТхайцукАпарламент аилатәара.
Апарламент аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатцәа "Аԥсны Аҳәынҭқрра раԥхьатәи ахада ихьӡ анаунагӡатәразы" азакәан иалацәажәеит.

АҞӘА, мшԥ 1 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа асессиа аилатәараан "Аԥсны Аҳәынҭқрра раԥхьатәи ахада ихьӡ анаунагӡатәразы" азакәан ахь арҿыцрақәа алагалан, ҳәа аҭыԥантәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Хаҭала, Аԥсны аҳәынҭқарра ахада апарламент аҟны ихаҭарнак Дмитри Шамба азакәанапроект астатиак ахь арҿыцра алагаларазы ажәалагала ҟаиҵеит – Владислав Арӡынба ифотосахьа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркабинетқәа рыҟни, аофициалтә еилатәарақәа ахьымҩаԥырго ауада дуқәа рыҟни икыдзарц. Ари ажәалагала алацәажәара ашьҭахь, алахәылацәа  рыбжеиҳараҩык уи адгылеит.

Азакәан апроект ала ажәахә ҟазҵаз аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, адинхаҵареи, аҿар рполитикеи, аспорти рзы акомитет ахантәаҩы Ахра Бжаниа иазгәеиҭеит адокумент ахықәкы – иахьатәи аԥсуа аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба ихьӡ акамыршәра, иполитикатә, иҭҵааратә ҭынхақәа рыхьчареи апропаганда азуреи, азинтә шьаҭақәа раԥҵареи, еизҳауа аҿар рыԥсадгьыл ахь абзиабара рылааӡареи роуп ҳәа.

"Азакәан аҵакы ӷәӷәоуп. Ҳҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы злагала дуу, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира ҳзаазгаз ауаҩы ихьӡ наунагӡа инхароуп", – иҳәеит адепутат Ахра Бжаниа.

Адепутатцәа аҩбатәи аԥхьараан азакәан апроект ахәаԥшра ашьҭахь адокумент иааиуа Апарламент асессиа аилатәара амшхәаԥштә аҟны иадырбеит.

В.Г. Арӡынба. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба игәалашәаратә хәылԥазы Москва имҩаԥысит

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса, лаҵара 14, Аԥсны, Ешыра ақыҭа. Ҵарала иҭоурыхҭҵааҩыз Арӡынба акыраамҭа Москва СССР Аҭҵаарадырақәа ракадемиа иатәу Мрагылараҭҵааратә институт аҟны аус иуан. 1992-1993 шықәсқәарзы Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәынҭқарра арбџьарамчқәа дырԥызан, анаҩс Аԥсны ахадас дҟалеит, 1999 шықәсазы ҩаԥхьа уи амаҵурахьы далхын.

Аԥсны аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи усзуҩы Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса, хәажәкыра 4 рзы. Джуп Аҟәа араион иатәу иқыҭа гәакьа Ешыра, Гәымсҭа афронт аҟны иҭахаз аибашьцәа рааигәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0