Аветеран Шьониа: сҳамҭақәа рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Шония Алексей Иосифович.
Ветеран ВОВ Шония Алексей Иосифович. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага, хатәгәаԥхарала афронт ахь ицаз аибашьцәа дреиуоуп иахьа ԥшьынҩажәи жәеиза шықәса ирҭагылоу аветеран Алықьса Шьониа.

АҞӘА, мшԥ 3 — Sputnik, Алиас Корсаиа. Сынтәа иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз аиааира хынҩажәи жәаба шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә ныҳәа. Ҳтәылаҿы ари аныҳәамш сынтәа иаԥыло аибашьра иалахәыз аветеранцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аԥснытәи рхеилак ахантәаҩы Алықьса Шьониа.

Синявская Екатерина Васильевна - Sputnik Аҧсны
Екатерина Синиавскаиа: аибашьра сцеит 18 шықәса ансхыҵуаз

Иара диит 1924 шықәса, цәыббра 19 рзы, Очамчыра араион, Қәтол ақыҭан. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ианалага хатәгәаԥхарала афронт ахь идцеит.

Алықьса Шьониа дақәшәеит Краснодар иҟаз апулемиоттә-минаршәратә арратә ҵараиурҭа. 1942 шықәсазы жәаатәи ар аҩажәиԥшьбатәи агвардиатә дивизиа дацны дрылахәын Донбасс, Крым, Керч, Ростовтәи атәылаҿацә уҳәа рҭарцәра.

Киев ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара игәаларшәо аветеран иҳәоит:

"Аҵх акыр инеихьан, ҳара ҳархәҭа ааганы ақалақь азаагәара идыргылеит. Аибашьра ахлымӡаах иаламԥшыц, жәаа-ҩажәа шықәса зхыҵуаз асолдатцәа маҷк ҳгәы шәон. Аӡәгьы иҳаздырӡомызт минуҭқәак рышьҭахь иҟалараны иҟаз. Ҳахьгылаз иҳавганы иргон ахәра зауз аибашьцәа. Сара ахаан исхашҭуам руаӡәк иажәақәа. Ашьа зҿашы иааргоз иара, ихы аарлаҳәа ишьҭыхны ибжьы нҭкааны, "Ҳаԥсадгьыл аӷа хәымга ишәымҭан!" иҳәеит. Иҟалап абарҭ ажәақәа ирылҵшәахазар усҟантәи ажәылараҿы игаз аиааирагьы", — иҳәеит Шьониа.

Ари ажәылараҿы Алықьса Шьониа ӷәӷәала дырхәит. Ихәра анӷьа ашьҭахь иара дақәшәеит Уралтәи арратә округ иатәыз имаӡоу архәҭа ҷыда. Аха имаз ааха иахҟьны иеибашьратә мҩа иациҵартә еиԥш алшара имамызт: 1944 шықәсазы иара Аԥсныҟа дхынҳәит.

Иԥсадгьыл ахь даныхынҳә, ҩы-шықәса аус иуан Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы. Аҵҩцәа алагарҭатә арратә азыҟаҵара риҭон.

1946 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Алықьса Шьониа аус ауан Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭаҿы. Аветеран ихы ԥхьаимкит аԥсуа жәлар 1992 шықәсазы арыцҳара ианҭагылагьы, излаилшоз ала Аԥсны ахьчаҩцәа дрыдгылан.

Ианашьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа реилкааразы азҵаара аниаҳҭа аветеран длафны аҭак ҟаиҵеит: "Дад урҭ рхыԥхьаӡара сгәалашәом, калаҭк азна ыҟоуп", – ҳәа.

Алықьса Шьониа ианашьоуп аибашьра ду аорденқәа хәбеи, аџьа аордени, амедалқәеи ҩажәи жәаба инарзынаԥшуеи. Иара убас, ҳаҭыр зқәу арацәаҵхҩы ҳәа ҩынтә ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.

"Абарҭ аҳамҭақәа зегьы раасҭа сгәы аладупп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала исанашьоу "Агәымшәаразы амедал", – иҳәеит аветеран.

Иахьазы Алықьса Шьониа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аԥснытәи рхеилак ахантәаҩыс дыҟоуп. Сынтәа иара ааԥхьара имоуп аныҳәамш маи жәба рзы Москва имҩаԥысраны иҟоу арратә парадахь. Алықьса Иасыф-иԥа Шьониа гәалсрала иазгәеиҭеит акыр ишхьааиго ргәамбзиара иахҟьаны уахь изцо аветеранцәа рхыԥхьаӡара зынӡа иахьмаҷу, есышықәсагьы иахьагхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0