Аԥсуа сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа Адыгатәыла имҩаԥысуеит

© Sputnik Илона ХварцкияАԥсуа сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа Адыгатәыла имҩаԥысуеит
Аԥсуа сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵа Адыгатәыла имҩаԥысуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз мшаԥымза 21 инаркны лаҵарамза 5-нӡа аԥсуа сахьаҭыхцәа русумҭақәа Адыгатәыла ицәыргақәҵахоит.

АҞӘА, мшԥ 20 – Sputnik. Аԥсуа сахьаҭыхцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа Адыгатәыла мрагыларатәи амузеи Нхыҵ-Кавказтәи афилиал аҟны имҩаԥысуеит мшаԥымза 21 инаркны лаҵарамза 5-нӡа. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны  акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра.

Ацәыргақәҵаҿы ицәыргахоит еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵаркуа ҩынҩажәижәаба усумҭа инареиҳаны. Ахәаԥшцәа ирыдгалахоит – асахьа, аскульптура, аграфика.
Ацәыргақәҵа азынархоуп Аԥсны амилаҭтә ҵасқәеи, акультуратә ганрацәареи раарԥшра.

"Аԥсуа культура Кавказтәи акультуратә феномен иахәҭакуп. Аԥсуа милаҭтә культура аҿиараҿы ихадоу аҭыԥқәа руак ааныркылоит асахьаҭыхреи аҿыханҵеит. Урҭ хырхарҭа хадас ирымоуп зқьышықәсала иҿиоз амилаҭтә хаҿра аарԥшра", — ҳәа аанацҳауеит акультура аминистрра.

Ацәыргақәҵа  иалахәхоит Хәыта Аҩӡба, Руслан Габлиа, Амиран Адлеиба, Адгәыр Амԥар, Валентина Хәырхәмалԥҳа, Витали Џьениа, Ельвира Арсалиа, уҳәа егьырҭ аҟазацәа русумҭақәа.

Ацәыргақәҵа азкуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра. Ашықәс иалагӡаны ари ацәыргақәҵа дырбахоит Урыстәыла ақалақьқәа жәпакы рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0