00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
Сезон пикников
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
13 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
13 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:34
26 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Европа атәылауаа Украинатәи акризис аарԥшышьа агәра ахьынӡарго

Анапаҵаҩра
А́зҵаара "Рыгәра абанӡажәго шәтәыла аинформациатә хархәагақәа Украинатәи акризис аганахь ала", абжеиҳараҩык (54%) иааидкыланы агәрагара рымам. Амассатә-информациатә хархәагақәа рыгәра зго 4% заҵәык роуп.

АҞӘА, мшԥ 21 – Sputnik.  Амультимедиатә агентра Sputnik еицырдыруа британиатәи аҭҵааратә компаниа  ICM Reseacrh ацхыраарала имҩаԥнагаз жәларбжьаратәи аҭҵаара "Sputnik. Агәаанагара" алҵшәақәа иаадырԥшит Британиа ду, Германиа, Бырзентәыла, Франциа ртәылауаа Украинатәи акризис аинформациатә хархәагақәа ишаадырԥшуа агәра ахьынӡарго.

Аҭҵаара алҵшәақәа ишырҳәо ала, азҵаара зҭаз Германиа атәылауаа рыбжеиҳараҩык Украина иазку аинформациа агәра ргаӡом, Бырзентәыла акәзар агәрамгара змоу рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп. Рмилаҭтә информациатә хархәагақәа рыгәра ргаӡом, иара убас, Франциа иқәынхо ауаа рыбжа иназынаԥшуа, Британиа ду ауааԥсыра ракәзар агәрагара рыцәмаҷуп азҵаара зыҭаз рыбжеиҵыра.

Азҵаара "Рыгәра абанӡажәго шәтәыла аинформациатә хархәагақәа Украинатәи акризис аарԥшраҿы", абжеиҳараҩык (54%) иааидкыланы агәрагара рымам. Амассатә-информациатә хархәагақәа рыгәра зго 4% заҵәык роуп.

Аиҳараӡак аинформациа агәра ргаӡом Бырзентәыла 76% — урҭ азҵаара аҭак ҟарҵеит "зынӡа агәра згаӡом" ҳәа 23%, "аиҳарак агәра згаӡом" – 53%. Амассатә-информациатә хархәагақәа ирҳәо агәра ргаӡом иара убас Германиа, уаҟа азҵаара зыҭаз 57%, атәылауаа иара убас ргәы еихьнашьуеит Украинатәи акризис иазкны иҟоу аинформациа "зынӡа агәра згаӡом" ҳәа аҭак ҟарҵеит 15%, "аиҳарак агәра згаӡом" – 42%. Афранцызцәа ракәзар, Украинатәи акризис азы рмассатә-информациатә хархәагақәа рыгәра згои изымгои хыԥхьаӡарала рацәак еиҩыргом – 47% — 40%.

Аԥхьагылара змоу Британиа ду аинформациатә хархәагақәа ажәлар рҟны еиҳа агәрагара рымоуп. Уаҟа 33% роуп аинформациа агәра угартә иҟам ҳәа изыԥхьаӡо, 55% ракәзар агәра ганы иҟоуп Украинатәи акризис аарԥшраҿы аинформациа ииашаны иаарԥшуп ҳәа.

ICM Research ауааԥсыра разҵаара мҩаԥнагеит хәажәкыра 20 инаркны мшаԥымза 9-нӡа. Британиа ду, Германиа, Бырзентәыла, Франциа ртәылауаа Украинатәи акризис иазкны азҵаара рырҭеит 4001-ҩык ауааԥсыра (1001 Бырзентәыла, егьырҭ атәылақәа рҟны 1000-ҩык). Азҵаара рыҭан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны инхо аҳәса, ахацәа.

Апроект "Sputnik. Агәаанагара" иазку адыррақәа

Ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы жәларбжьаратәи апроект аусура иалагеит 2014 шықәса, ԥхынгәымзазы. Апроект ацхырааҩс иқәгылеит британиатәи аҭҵааратә компаниа ICM Research. Апроект "Sputnik. Агәаанагара" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аҵк ҷыда змоу асоциалтә, аполитикатә зҵаарақәа ирызкны лассы-лассы ауаажәлар ргәаанагара аилкааразы аҭҵаарақәа мҩаԥнагоит.

Sputnik (sputniknews.com) – ажәабжьтәи арадиотәи амаҵзура атәылақәа жәпакы рҟны ахаҭарнакрақәа амоуп. Sputnik шьақәгылоуп асаитқәа, арадио, амобилтә хархәагақәа, асоциалтә каҭақәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0