Ҳаамҭазтәи аҟазара – адәыӷба аангыларҭа "Гәыма" ахыбраҟны

Анапаҵаҩра
Асахьаркыратә усумҭақәа рцәыргақәҵа "Art Station" – раԥхьатәи культуратә усмҩаԥгатәуп адәыӷба аангыларҭа Гәыма аҟны еиҿкаау.

Аюашаэны, мшаԥымза 21 рзы, Аҟәа иаатит Мриа Ԥлиаԥҳа лсахьаркыратә студиа аҵаҩцәа рцәыргақәҵа.

Ацәыргақәҵаа аартын акыр шықәса хылаԥшра змам адәыӷба аангыларҭа "Гәыма" ахыбраҟны.

Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа XX-тәи ашәышықәса актәи азбжазы иргылаз адәыӷба аангыларҭа ажәытә хаҿреи иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аҟазареи реиҿыбаара иашьҭан.

Ацәыргақәҵа иалахәуп 60 усумҭа иназыназынаԥшуа. Урҭ рахьтә Мариа Ԥлиаԥҳа лсахьақәа реиԥш иҟоуп иара убас, астудиа аҵаҩцәа русумҭақәагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0