Ансамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит

© Sputnik / Сырма АшәԥҳаАнсамбль "Абаза" Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит
Ансамбль Абаза Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программа рыманы иқәгылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷқәа бызшәала ишеилибамкаауагьы, гәыла еибадыруан. Арҭ амшқәа рзы дара еишьцылеит, еицыхәмарит, аспорттә еицлабрақәа рхы рыладырхәит.

КОЏЬАЕЛИ, ҬЫРҚӘТӘЫЛА, мшԥ 24 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль иалахәу аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Абаза" Қоцьаели иаҵанакуа Дербент ақыҭаҿы аконцерттә программала иқәгылеит, ҳәа аҭыԥантәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Дербент ашкол адиректор Саффет Илмаз, Аҧснынтә ирҭааз асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, ахәыҷқәа рҟазара ахә ҳаракны ишьеит.

Акәашаратә фестиваль алахәцәа иахьа Коџьаели ақалақь ахада идикылеит

"Ҳара даара пату ақәаҳҵоит Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа ахәыҷқәа рфестиваль Аԥснынтә шәхы ахьалашәырхәыз. Адунеи иқәынхо ахәыҷқәа аиӷарра рыбжьамзароуп, аиҩызареи аҭынчреи рымҩа ианызароуп" — иҳәеит Илмаз.

Ахәыҷқәа бызшәала ишеилибамкаауагьы, гәыла еибадыруан. Арҭ амшқәа рзы дара еишьцылеит, еицыхәмарит, аспорттә еицлабрақәа рхы рыладырхәит.

Ҭырқәтәыла иаҭааны иҟоу аԥсуа делегациа иалахәу, "Аԥсны жәларбжьаратәи афонд" аиҳабы Сонер Гогәуа, ахәыҷқәа рыхьӡала, Дербенттәи ашкол адиректор иҟаиҵаз ааҧхьареи, адкылара бзиеи рзы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0