Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит аатит

© SputnikАԥсны Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ирҿыцу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада исаит х-бызшәак рыла аус ауеит - ԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала.

АҞӘА,  мшԥ 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иофициалтәу Аԥсны ахада исаит ахықәкы – аҳәынҭқарра ахада иусура оперативла аарԥшроуп, лҳәеит Рауль Ҳаџьымба ипресс-маӡаныҟәгаҩ Хьыбла Возԥҳа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иофициалтә саит ирлас-ырлас иҳарҿыцлоит. Ахада иусԥҟақәеи идҵақәеи асаит аҟны иаҳкьыԥхьлоит", – лҳәеит Возба.

Аԥсны ахада иофициалтә саит х-бызшәак рыла аус ауеит – аԥсуа, аурыс, англыз бызшәақәа.

"Асаит аԥҵараан ҳхы иаҳархәеит апродукт "1С-Битрикс: аҳәынҭқарратә хеилак аофициалтә саит", уи абаза ари аҩыза авеб-ресурс аҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҟны ицхыраагӡахоит. Иҭбаау афункционали иҳараку аҩаӡара змоу ашәарҭадареи – ихадоу ԥыжәарақәас иамоп", — иҳәеит "Аинформациатә технологиақәа рагентра" авеб-усзуҩы Лаша Лазба.

Аԥсны ахада иофициалтә саит шәаҭаар шәылшоит абри ахьарԥш ала: presidentofabkhazia.org/aps.

Ажәабжьқәа зегьы
0