АҞӘА, мшԥ 27 — Sputnik, Анастасиа Никонова. Аԥсуа қыҭақәа 30 рҟны идырбахоит арежиссиор Ольга Дубинскаиа лдокументалтә фильм "Страсти по Владиславу", иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны Аҿартә политиказы аилак ахантәаҩы Алиас Аҩӡба.
"Ҳҿаԥхьа иқәгылоуп ахыдҵа аҿар алархәны инарҭбаау аусҩмаԥгатәқәа реиҿкааразы, ақыҭантәи аҿаргьы уахь иналаҵаны. Уи азы иалҳхит 30 қыҭа, аилак аусзуҩцәа афильм арбаразы иаҭаху атехника рыманы қыҭацыԥхьаӡа ицоит. Афильм арбара адагьы, ҳаспециалистцәа ирыԥхьоит Арӡынба изку ажәахәқәа, иара убас ирыԥхьоит ажәеинраалақәа, ирҳәоит афырхаҵаратә ашәақәа", — еиҭеиҳәеит аилак ахантәаҩы.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәаларшәаратә хәылԥазқәа ақыҭақәа рҿы имҩаԥысуеит лаҵарамзазы.
Аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа алахәуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра азгәаҭаразы иаԥҵоу акомиссиа.