Аветеран Калаиџьиан: ҳамҭак ауп иныҟәызго – исаахаз афашист ихы аԥҽыха

© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Калаиџьиан Гарегин Ерванд-иԥа
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Калаиџьиан Гарегин Ерванд-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аветеран Гарегин Ерванд-иԥа Калаиџьиан 1942 шықәса инаркны 1943 шықәсанӡа афронт аҟны дыҟан. Ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден I-тәи II-тәи аҩаӡарақәа, иара убас "Агәымшәаразы", "Арратә фырхаҵаразы"амедалқәа.

АҞӘА, мшԥ 29 – Sputnik, Анжелика Бениа. Гарегин Калаиџьиан 1941 шықәсазы 19 шықәса анихыҵуаз Аҟәатәи апехотатә училишье аҟны даанахәоит, уаҟа аибашьраан аҵара фымыз иҵон. Аучилишье даналга асолдат қәыԥш афронт ахь дрышьҭит.

Гарегин Калаиџьиан афронт аҟны шықәсык дшыҟазгьы хынтә дырхәит. Ихәҭаны ианашьоу I-тәи II-тәи аҩаӡарақәа змоу Аџьынџьтәылатә еибашьра аорденқәеи, "Агәымшәаразы", "Арратә фырхаҵаразы" амедалқәеи ныҟәигаӡом. Урҭ рыԥсахит ицәеижьы иалоу аԥҽыхақәа.

"Ҳамҭак ауп иныҟәазго – афашисттә ԥҽыха сгәы иалакьакьоуп, уи шьҭа сара исыхәҭакуп. Сааҭкгьы иныҟәзымгеит амедалқәа, бзиа избаӡом", – иҳәеит аветеран.

Ветеран ВОВ Михаил Родович - Sputnik Аҧсны
Аветеран Родович: знык ҳазхара ыфаны ҳаԥсыр акәын иаҳҭахыз

Гарегин Калаиџьиан деибашьуан Нхыҵ Кавказ, 606-тәи ахысратә полк аҟны, 317-тәи ахысратә дивизиа аҟны.

"Аибашьра аԥхьатәи ацәаҳәаҟны аԥхьа баталионк анапаҵаҟа ҳаҟан нас даҽакы, ус аамҭа "гәырӷьарала" иаҳхаҳгон", – еиҭеиҳәоит аветеран.

Аибашьра аамҭа игәаларшәо аветеран Гарегин еиҭаиҳәеит иареи ҩыџьа иҩызцәа аԥсуеи, агыруеи командак ахь ирыдыркыларц аҳәара шыҟарҵаз атәы.

"Ҳахҩык аҩызцәа гәыԥк ахь ҳаргарц ҳрыҳәеит. Ус иагьыҟарҵеит. Аха арахәҭахьы ҳаннеи ҩыџьа уа ахьчара инрыжьит, сара аибашьра аԥхьатәи ацәаҳәахьы срышьҭит", – игәалаиршәон Гарегин.

Калаиджиан авзвод командирс дыҟан. Ашьыжь шаанӡа асолдатцәа ажәылара рҽазыҟарҵон. Адҵа рзааит – афронт аҳәаақәа дырҭбаарц.

"Ибзианы исгәалашәоит, скарабин еиҵаҵаны, ирыцқьаны сарӷьа напала искын. Аҟарул дыҩуа сара сахь даауан анемеццәа ажәылаар иалагеит ҳәа ибжьы ҭганы. Имариамызт ахыхьчара, даара срыцәшәон сҩызцәа. Ари аиҿаххараан ссолдаҭк дсыцәҭахеит" – иҳәеит аветеран.

Асолдаҭцәа илашьцаанӡа ахыхьчара иаҿын. Илеит асы. Анемеца ашкәакәа халаҭқәа рышәҵаны ижәылон.

Ветераны ВОВ. Устян Назар Саркисович. - Sputnik Аҧсны
Аветеран Устиан: ишакәхалакгьы аимадаратә цәаҳәа шьақәыргылатәын

"Аӡәы ишәақь шсықәикыз збеит, данызба иаразнак схысит. Ишьамхы дықәгылеит, акаска ихан, аҩбатәи схы ихыҵәҟьа иақәсыршәеит. Ихаз акаска ихыууаит, дысшьит", – ихы лаирҟәын, иажәабжь ааникылеит аветеран.

Аветеран ақәра иаркҷыз ихы-иҿы шьҭихын ашьшьыҳәа инациҵеит: "Уаазхәыцыр ашьра угәы ишаанаго еиԥш ицәгьаӡам, аха иахьыугалакгьы, иушьыз дуаҩызар — иуаҩрам усуп. Аха зны-зынла ус иҟалалоит думшьыр ада уаҳа ԥсыхәа аныҟам. Дысшьыр акәын ауаа еиқәсырхарц азы, схы еиқәсырхарц азы".

Ианылашьца Калаиџьиан иеибашьцәа атрофеи аҟәшәара идәылҵит. Акомандир апистолети абинокли изааргеит. Аха Калаиџьиан уажәшьҭа иишьыз анемец дихашҭуамызт.

"Акыр схәыцуан, избан дзымхыси, аԥхьа сибазар? Ишәақь сықәкны икын. Нас исгәалашәеит, аучилишье аҟны иаҳдырҵон ашәақь еснагь ицқьаны иукызароуп ҳәа, иҭымҟьар ҟалоит. Ишәақь мхысӡит, акәымзар сыԥсуан. Акарабин сыман, исықәҿиеит ауп, аԥхьа дысшьит", – дхәыцуан аветеран.

"Россия сегодня" Аиааира аиубилеиаз амультимедиатә сахьанҵа азнархиеит

Калаиџьиан игәалашәараҟны инхаз аибашьра аепизодқәа аветеран иҟазшьа аадырԥшуеит. Игәалашәарақәа заҳахьоу игәымшәареи ихаҵареи дыхнамхыр зыҟалом. Аҵыхәтәантәи ахәра ҳфырхаҵа иоуит Крымск.

"Атанкқәа раԥыхразы агәыԥ аҟынтә актәи аномер дшьын, иааигәара сыҟан, иаразнак сиеит. Убри аамҭазы атанк ықәгьежьуан. Ахы атанк аԥхьала иагаӡом, ианааҳәуаз схысит, атанк абылра иалагеит, абылтәы ахьҭаз сақәшәазар ҟалап", – дыччо иҳәеит Калаиджиан.

Атанкқәа даҽа жә-цырак нханы иҟан. Акомандир ихаҭыԥуаи Калаиджиан шьҭахьҟа дхынҳәырц адҵа ииҭеит. Иӡбеит абнара дылаларц. Ҭагалан анҵәамҭаз акәын, иахьабалак иҵааны иҟан. Ашәақь хьанҭа ааныжьра ҟалаӡомызт, иҟәаҟә инықәыжьны дыццакуа днеиуан Калаиџьиан. Аха хара дзымнеит, дышнеиуаз иҵааз ажра дҭаҳаит. Иҩызцәа ажра дҭырган арратә хәышәтәырҭахь дыргеит.

"Сахьҭаҳаз исоуз ахәрақәа ӷәӷәан. Сышҭыргаз ахәышәтәырҭаҟны сышнаргаз зынӡа исгәалашәаӡом. Ари ахԥатәи сыхәрақәа раан ауп арратә хәышәтәырҭахь санҭашәа, уи аԥхьа ҳанырхәуаз аибашьра ахьцоз ацәаҳәаҟны асанитартә баталион ҳәа иҟаз ахь ҳашхәызгьы ҳнеиуан. Уаҟа мышқәак ҳҽаҳахәшәтәуан, нас еиҭа афронт ахь ҳдәықәырҵон. Иҟауҵози, Уԥсадгьыл ахьчараз ҭоуба уны уаныҟоу, иуулакгьы иухьчар акәын", –  иҳәеит аветеран.

Ахәышәтәырҭа ашьҭахь Калаиджиан Қарҭ азааигәара еиҿкааз арезервтә полк дақәшәеит. Уаҟа акурсқәа дрылганы хымыз рышьҭахь авоенкомат аҟны аусура далагеит. Ҩы-шықәса Калаиджиан асолдат қәыԥшцәа афронт иазыҟаиҵон.

Аиааира ашьҭахь Калаиџьиан авоенкомат аҟны иусура иациҵон. Аибашьра ишцац ицон Иапониа, уахь ацара шиҭаху акомандир иаиҳәеит, аха Иапониаҟа еибашьра ацара зҭахыз рхыԥхьаӡара рацәоуп ҳәа иарҳәеит 1946 шықәса анҵәамҭаз аҩныҟа аара алшара иоуит.

Иԥсҭазаараҟны зегь реиҳа дызлаҽхәо ҳәа ҳаниазҵаа, иԥсҭазаараҟны зегь реиҳа ихадароу иҭаацәа роуп ҳәа аҭаҟ ҟаиҵеит.

"Сара сгәы аладупп аԥсҭазаараҟны исылшоз зегьы ахьыҟасҵаз. Хҩык аԥҳацәа сымоуп, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. Сара ашкол ашьҭахь арра сыргеит, сахьымӡаӡеит. Сара аҵара анысмоу, сыԥҳацәа аҵара дсырҵар сҭаххеит. Срылагәырӷьоит", – иҳәеит гарегин Калаиджиан.

55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәын, урҭ рахьтә 17 нызқьҩык инареиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит, 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа ахьӡ рыхҵан.

© Фото : из личного архива Гарегина КалайжанВетеран ВОВ Калайджан Гарегин Ервандович.
Ветеран ВОВ Калайджан Гарегин Ервандович. - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Калайджан Гарегин Ервандович.
Ажәабжьқәа зегьы
0