Шамониа Қапԥҳа: ахацәа зегь афронт ахь ишьҭын, ҳара ҳауп инхаз

© Sputnik Томас ТхайцукАџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Қапба Шамониа Кадыр-иԥҳа
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран Қапба Шамониа Кадыр-иԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаалырҧшыз агәымшәаразы аветеран Шамониа Қапԥҳа ''Кавказ ахьчаразы'', ''Германиа аҟны Аиааира агаразы'' амедалқәа ланашьоуп.

АҞӘА, лаҵ 3 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага Шамониа Қапба 21 шықәса дырҭагылан. Аибашьра иара убас, лаҳәшьеи лашьеи алахәын. 

"Аҧхьа аибашьрахь саҳәшьеиҳабы дыргеит, усҟан лара амедицинатә институт далгахьан. Лара лашьҭахь афронт ахь дышьҭын сашьеиҳабгьы, нас сара — 1942 шықәсазы. Зынӡа сшәомызт, аиҳарак саҳәшьеи сашьеи афронт ахь иахьцахьаз азы. Урҭ џьара избап ҳәа сгәыӷуан", — илгәалалыршәоит Қапԥҳа. 

Гәдоуҭатәи авоенкомат аҟы агәыҧ анеиҿыркаа ашьҭахь аешелон Баҭымҟа ишьҭын. 

"Аҟәа иаҳзыҧшын аешелон, ҳахьырго ҳзымдыруа ҳақәтәеит, аха иахьакәзаалакгьы ҳазыхиан", — еиҭалҳәон ветеран.

Аешелон Баҭым инеит. Уаҟа Шамониа Қапԥҳа иаразнак ихәыз рыхәшәтәразы арратә хәышәтәырҭахь дышьҭын. 

"Ихәыз рацәаҩын, излаҳалшоз ала ргәаҟрақәа ҳармарион. 40 мшы ирҭагӡаны абџьар аныҟәгашьа ҳдырҵон, аимыхра, аибыҭара, ахысра уҳәа", — лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшон Қапԥҳа. 

Азыҟаҵаратә мшқәа рышьҭахь, Шамониа Қапԥҳа ҭоуба луит. Уи дызлаз апрожектортә хәҭа анемец ҳаирпланқәа рыҧшаареи аштаб ахь аинформациа ашьҭреи дҵас иаман. 

"Афронт ахь ирышьҭыз арҧарцәа рҭыҧқәа аанаҳкылеит. Баҭым ахацәа ыҟаӡамызт, ҳара ҳауп инхаз. Аибшьра нҵәаанӡа апрожектортә хәҭа аҟны сыҟан", — лҳәеит Қапԥҳа. 

Шамониа Қапԥҳа анемец ҳаирпланқә ржәыларақәа рышьклаԥшреи арратә хәышәтәырҭаҟны ихәыз рыцхыраареи еихьылыгӡон. 

"Аамҭа-аамҭала ахәышәтәрҭахь ҳрышьҭлон. Уахь уақәымшәар еиӷьын — укәша-мыкәша аҟаабжьи аӷызбжьи ицәгьын рычҳара", — илгәалалыршәон аветеран. Иара убас, Шамониа Қапԥҳа лҩызцәеи лареи Баҭым арратә складқәеи азауадқәеи рыхьчон. 

"Ианҳаҧхьа ма арбџьар шьҭаҵарҭа, ма арратә зауадқәа рыхьчара ҳрышьҭуан", — лҳәеит аветеран. 

Аибашьра анеилга ашьҭахь Шамониа Қапԥҳа аҭаацәара аҧылҵеит, хҩык ачкәынцәеи ԥҳаки лааӡеит, аколнхарҟны аус луан. Аџьынџьтәылатә еибашьраан иаалырҧшыз агәымшәаразы Шамониа Қапԥҳа ''Кавказ ахьчаразы'', ''Германиа аҟны Аиааира агаразы'' амедалқәа ланашьоуп.

© Фото : из личного архива Шамони Капба Ветеран ВОВ Капба Шамоня Кадыровна (по середине)
 Ветеран ВОВ Капба Шамоня Кадыровна (по середине) - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Капба Шамоня Кадыровна (по середине)

Ажәабжьқәа зегьы
0