Гагра араион анаԥхгара аветеранцәа амедалқәеи аҳамҭақәеи ранаршьеит

© Фото : Тимур КовеГагра араион анаԥхгара аветеранцәа амедалқәеи аҳамҭақәеи ранаршьеит
Гагра араион анаԥхгара аветеранцәа амедалқәеи аҳамҭақәеи ранаршьеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду аламҭалаз Гагра араион анаԥхгара аиубилеитә медалқәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранаршьеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа.

ГАГРА, лаҵ 9- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аиааира амш аламҭ алазы Гагра араион анаԥхгара аветеранцәа амедалқәеи аҳамҭақәеи ранаршьеит, иара убас аԥаратә ҳамҭагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟнытә аветеранцәа ирыҭан 10 нызқь мааҭ аԥара, Гагра араион Ахадараҟнытә 5 нызқь мааҭ.

Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Гагра иҟоу Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәагьы. Дара рыхьӡала аветеранцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәеи ашәҭ шьыҵәрақәеи.

Иахьа Гагра араион аҟны инхоит 45-ҩык инарзынаԥшуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа.

Араион анаԥхгареи аҳәаахьчаҩцәеи аветеранцәа ахьынхоз ҩнаҭацыԥхьаӡа инеины ирыдырныҳәалеит иааиуа Аиааира Ду амш.

"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду амш. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ақәранҵыреи. Иҭабуп шәхы шәамеигӡакәа адунеи ахьеиқәшәырхаз!" — адныҳәалара ҟаҵо иазгәеиҭеит араион ахада Беслан Барцыц.

Аветеранцәа аӡәырҩы ргәабзиара уашәшәыруп, аиарҭа иамоуп, ацәажәара рылшом, аха ус егьа иҟазаргьы дара рыбла ихубаалон рганахь иаарԥшыз агәцаракра ишеигәырӷьаз. Уреигәырӷьаратәы иҟоуп зымаха-зышьаха ӷәӷәоу, зыхдырра ҵару  аветеранцәа. Акыр шықәса шҵхьоугьы, дара ибзианы иргәалашәоит аибашьра ахҭысқәа.

"Аибашьра иацыз ахлымӡаахрақәа рацәан, уи ахгара уадаҩын, рыԥсгьы ахҭнырҵеит миллионҩыла ауаа. Иахьа ҳара ҳтәыла рылаҽхәартә иҟоуп хьӡи-ԥшеи ганы аибашьра иалҵыз аветеранцәа. Иҭабуп ҳахьышәхамшҭуа. Еиҵагыло аҿар рхаан аибашьра ҟамлааит", — рҳәон аветеранцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0