Гьаргь Гәыблиа 87 шықәса ихыҵит

© Sputnik Томас ТхайцукГьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа
Гьаргь Гәыблиа ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет Гьаргь Гәыблиа "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара ианашьоуп, асахьаркыратә литература аҿиареи, аҿар реиҵааӡареи аусқәа рҟны илагала азы.

АҞӘА, лаҵ 15 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ашәҟәыҩҩа, апоет Гаргь Гәыблиа иахьа 87 шықәса ихыҵит. 

Гьаргь Гәыблиа диит 1928 шықәса, лаҵарамза 15 рзы, Гәдоуҭа араион, Ҟәланырхәа ақыҭан. Иқыҭаҿы абжьаратә школ даналга, дҭалоит Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарратә университет, дагьалгоит 1954 шықәсазы.

"Гьаргь Гәыблиа иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ироманқәеи, идрамақәеи, жәаҳәарада, аԥсуа литература дырбеиеит. Гьаргь Константин-иԥа акыршықәса инеиԥынкыланы ажурнал "Алашара" аредакторс аус иуан. Уи ироман "Адгьыл ахьаа"ирҿиараҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит, иажәеинраала "Бысзыԥшыз" акәзар — ҳлитератураҿы аклассикатә ҩымҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп", — иҳәеит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа.

Гаргь Гәыблиа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1950 шықәсазы. Гәыблиа акандидаттә диссертациа ихьчеит Дырмит Гәлиа ирҿиара атемала, иагьҭижьхьеит "Дырмит Гәлиа" захьӡу ашәҟәы — амонографиа. Гаргь Гәыблиа дравторуп аԥхьаҩцәа бзиа ибаны ирыдыркылаз ароманқәа "Лахьынҵала иузшоу", "Аҵыхәтәантәи ахысбжьы", "Нестор". Гьаргь Гәыблиа шықәсырацәала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, афилологиатә факультет, аԥсуа литература акафедраҟны аԥсуа литература аҭоурых даԥхьон, афилолог ҿарацәа реиҵааӡараҿы иџьабаа рацәоуп.

2013 шықәсазы Гьаргь Гәыблиа ианаршьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III-тәи аҩаӡара асахьаркыратә литература аҿиареи,  аҿар реиҵааӡареи аусқәа рҟны илагала азы.

© SputnikГеоргий Гублия
Георгий Гублия - Sputnik Аҧсны
Георгий Гублия
Ажәабжьқәа зегьы
0