АҞӘА, лаҵ 19 — Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны раԥхьаӡа акәны имҩаԥыргеит лаҵара 18 рзы, жәларбжьаратәи амузеи амш аҽны.
Амузеи адиректор Аркади Џьопуа Sputnik ишазааицҳаз ала, иӡбан лаҵара 18 амузеи аҭааразы ашьыжь инаркны хәылбыҽханӡа ашәқәа аартызарц.
Амузеи аетнологиа аҟәша аусзуҩцәа ирҭааз асасцәа рзы аныҳәатә программа аздырхиеит. Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Ахьышьҭра", иара убас Нонна Ферзԥҳа напхгара зылҭо ахәыҷтәы амузыка-инструменталтә ансамболь аԥсуа жәлар рашәақәа нарыгӡеит.
Ахәылԥаз аартын Аҟәатәиаҵаралашаратә училишье ахәыҷқәа рықәгыларала, урҭ идыргеит амҿы иалху ажәытә инструмет абыкь абжьы.
"Ари аинструмент анкьа ҷыдала ахархәара арҭон. Абжьы гон ашәарҭара аныҟаз аамҭазы, ақәылараан, ахыхьчара аамҭазы, иара убас ачарақәа раан. Аԥсуаа уи абжьы бзианы ирдыруан, еизнагон. Ҳаамҭазы иҟоуп абыкь абжьы ззымдыруа рацәаҩны, иахьа амузеи аҟны уи абжьы уаҳарц азы алшара ыҟан", – лҳәеит аетнологиа аҟәша аиҳабы Инга Шамба.
Амузеи адиректор Аркади Џьопуа ишазгәеиҭаз ала, амузеи аусзуҩцәа акциа зеиҿыркааз — аҿар Аԥсны аҭоурыхи акультуреи еиҳа еӷьны ирдырырц азоуп.
"Аҿар рзы аҵых анааилакгьы нахыс иахцаша аҭыԥқәа усҟак ирацәам. Ҳара ари акциа аҭоурых, акультура рахь аҿар радԥхьаларазы цхыраагӡагахарц ҳҭахуп. Амузеи ахь имҩахыҵыз ахәыҷқәаҵәҟагьы ргәалашәараҟны инхоит", – азгәеиҭеит Џьопуа.
Аркади Џьопуа игәаанагарала ас еиԥш иҟоу акциақәа аҿар рхатә культуре, рхатә ҭоурыхи рахь аинтерес рызцәырнагоит.
Амузеи аҭааҩ Рада Ҵәыџьба лажәақәа рыла ари акциа аусура ахарала еилахоу амузеи аҭаара алшара рынаҭеит.
"Иахьатәи аԥсҭазаара убасҟак иласуп, аамҭа ирлас ицоит, аусура рацәаны изуо рзы акультуратә ҭыԥқәа раҭаараз аамҭа алхра цәгьоуп. Иахьа амузеи иаҭааз рҟынтә ирацәаҩуп аекспонатқәа ринтерес зкыз. Нас, ауаа усҟак ианырацәам иааины еиҭахәаԥшыргьы ҟалоит", – лҳәеит Рада Ҵәыџьԥҳа.
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" шымҩаԥгахо атәы заҳаз Иана Бжьаниа иаразнак лҽалалырхәырц лҭаххеит.
"Даара ибзиан еиҿкаан ахәылԥаз апрограмма. Ахаан араҟа иҟамыз сҩызцәа срыԥхьеит, идсырбеит аекспонатқәа. Ҽынла аамҭа ҳамаӡам, акциа хәылбыҽхан иахьымҩаԥыргаз иабзоураны аҭааразы алшара ҳауит", – азгәалҭеит Бжьаниа.
Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеиаҟны Жәларбжьаратәи амузеи амш азгәарҭоит. 1978 шықәса инаркны уи аныҳәа азгәарҭо иалагеит 150 тәыла рыҟны. Раԥхьатәи акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Берлин ақалақь, 1997 шықәсазы.