АҞӘА, лаҵ 19 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рцара хықәкыс иамоуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 70 шықәса аҵреи, ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәеи рыҽрылархәра.
Раԥхьатәи амш азы Сҭамԥылтәи аԥсуа культуратә хеидкылаҿы имҩаԥысит Владислав Арӡынба ифотоцәыргақәҵа. Ахеидкыла аиҳабы Ҳақан Бигәуаа Аԥснынтә асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дазааҭгылеит Владислав Арӡынба акырӡа илша шырацәоу аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраҿы. Аизара иалахәын Ҭырқәтәыла иҟоу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Инар Гыцбеи, уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Асабуеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи аконсул, иара убас хыԥхьаӡара рацәала ҳдиаспора рхаҭарнакцәа.
Ҵабала рхылҵшьҭрақәа ахьынхо Енегиоль ақалақь аҟны имҩаԥысит ҳдиаспореи Аԥснытәи аделегациеи злахәыз аиԥылара. Уаҟа идырбан Џьамбул Инџьгьиа авторс дызмоу Владислав
Арӡынба игәалашәареи, ахҵәара иақәшәаз ҳажәлар рҭоурыхи зныԥшуа адокументалтә фильм "Ашьауардын амҩа".
Аҩаша, лаҵара 19 рзы Аԥснытәи аделегациа аҭааит аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо ақыҭа Дариера. Уаҵәа ахәылбыҽхы Адаԥазар Аԥсуаа ркультуратә хеидкылаҿы иазгәаҭоуп аделегациеи адиаспореи реиқәшәара.
Вадим Ҳаразиа Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора ахьынхо аҭыԥқәа дырҭаахьан, аха Арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы ахантәаҩы иаҳасабала раԥхьаӡа акәны аиԥыларақәа дрылахәуп.
"Уажәшьҭа ԥшьы-мыш инарзынаԥшуеит Ҭырқәтәыла ҳаҟоужьҭеи. Акыр аиԥыларақәа мҩаԥаҳгеит. Маи 21 рзы ҳгәы иҭоуп Аммшын Еиқәа иаԥну Қьефқьен аҭыԥ ҳаҭаарц. Уаҟа ирацәаҩуп ахҵәара аамҭазы иӡхыҵны згәаҟра зызхымгакәа итахаз хәыҷи-дуи ҳауаажәлар рнышәынҭрақәа. Агәалашәаратә хәылԥазы хымԥада ҳхы алаҳархәуеит", – иҳәеит Ҳаразиа.
Аусуратә визит иалагӡаны иазгәаҭоуп иара убас Вадим Ҳаразиеи Аԥсуа федерациа анапхгареи, акультуратә хеидкылақәа рнапхгацәеи реизара, аԥхьаҟатәи аусеицура азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Аделегациа иалахәуп: ателехәаԥшра "Абаза" аиҳабы, ажурналист Руслан Ҳашыг, Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы иатәу Атәылауаҩра аҟәша аиҳабы Римма Ашьхаруаԥҳа, иара убас Жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазба, Арепатриациазы аҳәынҭқарратә фонд аиҳабы Џьон Смыр, агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аредактор хада Ваҳтанг Аԥҳазоу.