Ҷолариа: ахыбра ҿыц мацара азҵаарақәа зегь азыӡбаӡом

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКниги. Архивное фото.
Книги. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызқәак ирылагӡаны еиҭашьақәыргылоу Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека аусура иалагоит.

АҞӘА, лаҵ 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳаиҳабыра ирдыруазар сҭахуп еиҭашьақәыргылоу абиблиотека ахыбреи аҭыӡқәеи рхала акымзарак шаанамго. Уи анҳау аҳәынҭқарра иаԥшаароуп алшара аспециалистцәа рыла аиқәыршәара, абиблиотека имилаҭтә культуратә хәшҭаараны иҟаларц азы, иҳәеит Аԥсны Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.

"Амилаҭтә библиотека аусуаҩцәа аҭагылазаашьа цәгьа ҳамоуп. Ҳара 750 нызқь екземплиар иҳамоу афонд штатла иақәнагон 91-ҩык аусуаҩцәа, аха аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа ахьыцәгьаз аҟнытә 37-ҩык роуп абиблиотека аусуаҩцәа аштат иҟарҵаз. Ҳазҿу аус алҵшәа бзиа аиурц азы аштатқәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп", — иҳәеит Амилаҭтә библиотека аиҳабы. 

Борис Ҷолариа иазгәеиҭеит Амилаҭтә библиотека афонд хырхарҭа рацәала ишеиқәыршәоу. 

"Ҳара иуникалтәу, иуниверсалтәу афонда ҳамоуп. Хырхырҭа рацәала адырра аиуразы ауаҩ ииҭаху ашәҟәқәа ҳамоуп, урҭ рхыԥхьаӡара уиаҟара ирацәамзаргьы", — иҳәеит Ҷолариа.

Аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны 402 библиотека ыҟан, урҭ рфонд быжь-миллионки бжаки екземплиар ашәҟәқәа рыла ишьақәгылан. Иахьа, Аԥсны ахьынӡанаӡаазо иҟоуп 37 библиотека, урҭ рфонд наӡоит миллионки бжаки рҟынӡа.  

2016 шықәсазы Аԥсны Амилаҭтә библиотека 95 шықәса ахыҵуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0