Европеи Америкеи ртәылауаа реиҳараҩык рперсоналтә информациа иацәшәоит

© AFP 2023 / JOSEP LAGOЕвропеи Америкеи ртәылауаа реиҳараҩык рперсоналтә информациа иацәшәоит
Европеи Америкеи ртәылауаа реиҳараҩык рперсоналтә информациа иацәшәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европауааи Америка атәылуааи рперсоналтә информациа ахьынӡахьчоу азы агәҩарақәа шрымоу аадырԥшит.

АҞӘА, рашә 2 – Sputnik. Апроект "Sputnik.Агәаанагарақәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны британиатәи аҭҵааратә агентра ICM Research аинформациатә маҵзура Sputnik азы имҩаԥнагаз азҵаара алҵшәақәа рыла, европауааи америкауааи рыбжеиҳараҩык ргәаанагарала, рхатә информациа ахьчара азҵаара иацәшәоит. Азҵаара иаалхәыз рыбжеиҳараҩык ргәанагарала адунеи аҟны иреиҳаӡоу асоциалтә каҭақәеи IT компаниақәеи азакәан еилаганы ахархәаҩцәа ринформациа Еиду Америкатәи Аштатқәа Амилаҭтә шәарҭадара агентрахь ирышьҭуеит.

Америкауааи европауааи "Адунеи аҟны асоциалтә каҭақәа ахархәаҩцәа ринформациа Америкатәи аштатқәа Амилаҭтә шәарҭадара агентрахь ианрырҭа иахылҿиаауа аимак атәы шәаҳахьазар ҟалап. Акаҭаҟны ахархәаҩ иинформациа ахьчаразы шәгәаанагара анышәҵа" азҵаара аҭак ҟарҵеит. Азҵаара алҵшәақәа рыла еилкаахеит Германиа изызҵааз рыбжеиҳараҩык рҟынтәи – 47%, иара убас Франциа ауааԥсыра – 38% ргәаанагарала "акомпаниақәа Еиду Америкатәи Аштатқәа амилаҭтә шәарҭадаратә агентрахь ахархәаҩцәа ринформациа рырҭоит, убас ала азакәан аҳәаа иҭыҵуеит". Уи аҩыза агәаанагара иадгылеит изызҵааз рҟынтәи Британиа Ду ауааԥсыра 31%, иара убас Еиду Америкатәи Аштатқәа ртәылауаа 29%.

Изызҵааз рҟынтә 9% ргәаанагарала, акорпорациа дуқәа "ирылшо зегь ҟарҵоит акаҭаҟны ахархәаҩцәа ринформациақәа рыхьчаразы, иара убас ахрхәаҩцәа ринформациа рыҭара азҵааразы аҳәынҭқарратә структурақәа ирымадаӡам". Еиду Америкатәи Аштатқәа рыҟны уи агәаанагара иадгылаз 11% роуп.

Азҵаара мҩаԥнагеит акомпаниа  ICM Research жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik азы апроект Sputnik.Агәаанагарақәа (Sputnik.Polls) аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәса, хәажәкыра 20 инаркны мшаԥымза 9-нӡа. Азҵаара мҩаԥган Британиа Ду, Франциа, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа атәылақәа рыҟны. Азҵаара рыҭан 4000-ҩык (1000-ҩык тәылацыԥхьаӡа). Азҵаара рыҭан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны инхо, қәрала еиуеиԥшым аҳәсеи ахацәеи.

Атәылақәа зегьы рҟны иааидкыланы адыррақәа рзы агәрагаратә интревал +/- 3,1% ыҟоуп, аиашара агәрагаар 95% аманы.

Ажәабжьқәа зегьы
0