00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Аԥсни Новосибирски русеицура лҵшәас иаиур алшо: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:05
2 мин
Аиҿцәажәара
Ауниверситет азеиԥшнхарҭа астудентцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу: аиҳабы ицәажәара
13:07
9 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Амедицинатә класс ахь ашколхәыҷқәа рыдыркылоит: ахҳәаа
13:45
4 мин
Аиҿцәажәара
Гәылрыԥшь ашколқәа аҵарашықәс разыҟаҵашьа: аҵараҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ ицәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Гражданин и начальник
Хана Гунба рассказала о готовности к новому учебному году в Абхазии
14:18
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Гражданин и начальник
Гунба об обеспечении учебниками школ Абхазии и сотрудничестве с Россией
14:44
27 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ефрем Ешба имоҭа Виктор Абрамиан иконцерт Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Виктора Абрамяна и Натальи Богдановой
Концерт Виктора Абрамяна и Натальи Богдановой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиани апианино арҳәаҩы Наталиа Богдановои Аҟәа ақалақь аҟны аклассикатә концерт мҩаԥыргеит.

АҞӘА, рашә 17 – Sputnik, Нала Аҩӡыԥҳа. Иеицырдыруа амузыкант, Ефрем Ешба имоҭа Виктор Абрамиани апианино арҳәаҩы Наталиа Богдановои Ражьден Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны рашәара 17 рзы аклассикатә музыка аконцерт мҩаԥыргеит.

Виктор Абрамиан ишеиҭеиҳәаз ала, уаанӡатәи арии асценаҟны иқәгылара мҩаԥысуан 34-шықәса раԥхьа. Москватәи аконсерваториа астудент Виктор Абрамиан Аԥсны Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр далахәылан.

"Аԥсуа публика рҿаԥхьа ахәмарра уадаҩуп избанзар сара стәқәа рҿаԥхьа сықәгылароуп", — иҳәеит амузыкант.

Аконцерттә усура адагьы Виктор Абрамиан Москватәи аконсерваториаҟны иҟоу амузыкатә школ дарҵаҩуп. Амузыкант ипланқәа рҟны иҟоуп аԥснытәии москватәии арҵаҩцәа русеицура аиҿкаара.

"Сара ажәалагала ҟасҵеит ҳарҵаҩцәа рыбжьара аусеицура шьақәгыларц, ахәыҷқәа, аҿар ацхыраара раҳҭаларц. Спиваков ифонди ҳареи иҳалшоит Москватәи амузыкантцәа арахь раагара, аконцертқәа реиҿкаара. Аԥсны аҿаԥхьа ари сара исуалуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит» — иҳәеит В. Абрамиан.

Наталиа Богданова Аҟәа раԥхьаӡа акәны дықәгылеит. Апианино арҳәаҩы лажәақәа рыла лара дреигәырӷьоит ашьақәгылара иаҿу Аԥсни Урыстәылеи реимадарақәа.

"Аа-шықәса раԥхьа сара Пицунда сықәгылан. Сара ирацәаны агострольқәа мҩаԥызгоит. Сара среигәырӷьоит ашьақәгылара иаҿу Аԥсни Урыстәылеи реимадарақәа", — лҳәеит лара.

Аҳәынҭқарратә камертә оркестр адирижиор хада Давид Терзиан иазгәеиҭеит: "Зыӡыҩҩрык иаҳасабала сара иахьа агәахәа ду соуит. Аскрипкарҳәаҩы изы Бах и-Чакона  визиттә карточкак иеиԥшуп, имузыка зегьы азы паспортк аҳасабала иҟоуп. Уи ансаҳа нахыс еилыскааит аскрипкарҳәаҩы иҩаӡара зеиԥшраз".

Аконцерт аҟны  Бах, Дворжак, Сен-Санс, Шопен, Дебиусси, Креислер рырҿиамҭақәа арҳәан.

Виктор Абрамиан – ауаажәларратә усзуҩы Ефрем Ешба иԥҳа аиҵбы лыҷкәын иоуп. Далгеит П. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа 1980 шықәса рзы, аспирантура – 1983 шықәсазы.

Солистк иаҳасабала асимфониатәи акамертәи оркестрқәа дрыцықәгылоит (Британиа Ду, Урыстәыла, Украина). 1995 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Москватәи ааконсерваториа дарҵаҩын. 2003 шықәса инаркны Абрамиан Москватәи аконсерваториаҟны иҟоу амузыкатә школ дарҵаҩуп. Иара убасгьы Маимонида ихьӡ зху академиа дарҵаҩуп. Ақалақьқәа жәпакы рҟны амастер-классқәа мҩаԥигоит: Горовиц игәалашәара Афонд Академиаҟны, "Реин аҟны амузыка" Акдемааҟны, "Регенсбург аҟны амузыка" Академиаҿы, Туниси Мексикеи руниверситетқәа рҟны.

© Sputnik Томас ТхайцукВиктор Абрамян.
1/2
Виктор Абрамян.
© Sputnik Томас ТхайцукНаталья Богданова.
Наталья Богданова - Sputnik Аҧсны
2/2
Наталья Богданова.
1/2
Виктор Абрамян.
2/2
Наталья Богданова.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0