Урыстәыла асанкциақәа ирыдгыло римпорттә мап рыцәнакыр алшоит

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдел фруктов супермаркете. Архивное фото.
Отдел фруктов супермаркете. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алагаларазы мап зыцәку аалыҵқәа рсиа арҭбаара ҟамлар ҟалап ҳәа. Аусурақәа мҩаԥгахоит "асхема еиқәаҵәақәа" раԥыхра иазырханы.

АҞӘА, рашә 24 — Sputnik. Урыстәыла иалшоит асанкциақәа ирыдгылаз атәылақәа римпорттә аалыҵқәа рганахьала урҭ атәыла излаларгало "асхема еиқәаҵәақәа" раркра – иҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Александр Ткачиов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла залагалара ҟамло аалыҵқәа рсиа арҭбаар алшоит

"Ари асиа (атәыла залагалара ҟамло аалыҵ рсиа) уажәы алацәажәара мҩаԥыргоит, аха сгәы иаанагоит арҭбаара азухарым ҳәа. Ҳара уи акорректировкақәа азаауеит, иҳалшо ҟаҳҵоит урҭ атәылақәа рҟынтәи аалыҵ  ишиашоу ада арахь алагалара ҟамларц азы", — иҳәеит ателеканал "Россия-24" аҟны иара.

Еврохеилак алахәыла тәылақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа реиҳабыра ашәахьаҽны иацырҵеит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа рыҿҳәара арыцхә – 2016 шықәса ажьырныҳәа 31 рҟынӡа. Аԥыза-министр ипресс маҵзуҩы Наталиа Тимакова ашәахьа ахәылбыҽха иаалыцҳаит Аминистрцәа Реилазаара атәыла Ахада ажәалагалақәа шиздырхиаз – афатә ембарго ацҵаразы.

Аҩашаҽны, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҳәеит Урыстәыла аҭак ишазыхио, аалыҵтә ембарго аганахьалагьы аусурақәа ишырҿу, иаарласынгьы уи атәы шрылаҳәахо.

Ажәабжьқәа зегьы
0