Схатәыбызшәа. Саԥсшәа

© SputnikАԥсуа лфавит
Аԥсуа лфавит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа аҿиареи "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәани" анагӡареи дырзааҭгылеит Дмитри Мышәба.

Дмитири Мышәба, Sputnik

Абызшәа – иарбанызаалак ажәлар ретникатә хдырра иашьаҭоу, амилаҭтә культура иузаҟәымыҭхо ахәҭоуп. Иара убри адагьы, аҳәынҭқарратә бызшәа аҟазаара, иалку ҵакырадгьылк аҟны инхо аетносқәа иаку жәларны иҟанаҵоит.

Иӡуа абызшәахкы

Ахатәы бызшәа аԥеиԥш аԥсуа еилазаараҟны иҷыдоу агәыҵха цәырнагоит. Атәымуаҩ, Аԥсны абызшәа азҵаара аполитикатә ҟазшьа аманы ибар ҟалоит, аха еилкаатәуп аԥсуа бызшәа аганахьала иахьазы иҟоу ахылаԥшра, агәыҵхара ахатәы мзызқәа шамоу. Мзызс иҟоу — иара аӡразы иҟоу ашәарҭареи абызшәа аӡра иадҳәалоу Аԥсны ашьагәыҭуаа ретникатә акзаара аӡреи роуп.

Аԥсышәала ицәажәо атәыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара амаҷреи асоцеилазаара иахьынӡахәҭоу иахьазыҟаҵами инарыдҳәаланы аԥсуа еилазаара егьырҭ аетносқәа рхаҭарнакцәа иаку реилазаара алалара ацәыцәгьоуп. Аԥсны, милаҭбжьаратә еилибакаага бызшәаны, традициа ҳасабла излацәажәо аурыс бызшәоуп. Ақалақь аҟны аурыс бызшәа азеиԥшхархәара зауз бызшәахеит, иуҳәар ауеит аԥсуа бызшәа аҵанарӡит ҳәа. Гал араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа акәзар иузудкыло акакәны иҟам. Уаҟа ақырҭуа бызшәа иханарҭәааит аҳәынҭқарратә бызшәа – аԥсшәа иааннакылараны иҟаз аҭыԥ.

Аҟәрышь рацәа зқәырӡтәу, уи адагьы изцеиқәышаҳаҭны ирыдкылоу, акомплекстә планқәа рыларҵәарагьы зҭахны иҟоу, хра змоу абызшәатә политика аҟамзаараан, аԥсуа бызшәа иацәыуадаҩуп андаҭлара. Иара реликтк аҳасабала ахылаԥшреи адгылареи анамоу ахеиқәырхара ацәыцәгьоуп.

Аԥсуа бызшәа тәымбызшәак аҳасабала

Иахьазы аԥсуа бызшәа аганахьала усурақәа ирҿуп аҭҵаарадырреи акультуреи русбарҭақәа, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы аҳәынҭқарратә фонд, Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра, аха апроблема аԥыхразы уи мацара азхоны иҟам.

Аԥсуа бызшәа аҵара иаԥырхагоу ирхаданы иҟоуп – хра змоу ҳаамҭазтәи аметодологиа аҟамзаара. Изныкымкәа иалацәажәахьеит ашколқәа зегьы рҟны аҵара зларҵо иаку арҵага шәҟәы аҭыжьра ахымԥадара азҵаареи иреиҳау аҵариурҭақәа рзы апрограмма азҵаареи. Ҳастудентцәа хәышықәса рыҩныҵҟа ирылшоит ацәажәаратә практика иалхәдааны англыз бызшәеи аҭырқә бызшәеи, анемец бызшәеи рышьҭкаара, рҵара. Ирацәаҩума атәыла аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны аԥсшәа зҵаз астудентцәа?

Акырҵуеит аӡбахә иалацәажәоижьҭеи ҳаамҭазтәи аметодикақәа ирықәшәо, аԥсшәа ззымдыруа ирҵара алзыршо, аԥсуа бызшәа тәымбызшәак аҳасабала изларҵо арҵага шәҟәы аԥҵара. Асеиԥш иҟоу арҵага шәҟәы еиуеиԥшым ҩаӡарала еиҿкаазароуп: имариаӡоу аҟынтәи иуадаҩу ахь ииасуазароуп. Аҵакы амоуп арҵагашәҟәқәа зегьы  редакторк инапы аҵхра, дара дара реимадара, реицҵара.

"Знагӡара алымшо азакәан"

Аԥсны амчра аиуит "Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан". Аха апрактикаҟны иара аԥҟарақәа инагӡаны нагӡара рымам. Ахатәы телерадиоеилахәырақәа ишарбаз еиԥш 2/3 рдырраҭарақәа аԥсшәахь ииарымгеит. Акьыԥхь аҟынгьы убас акәхеит, азакәан инақәыршәаны урҭ рыбжак аҳәынҭқарратә бызшәала иҭыҵуазар акәын. Аҭыԥантәи ателеканалқәа рыла ирышьҭуа афильмқәа ракәзар аӡәгьы еиҭеигом, уи акәым асубтитрқәагьы рыцым. Абри атәы хаҭала иаҳәоит  Жәлар Реизара "Абызшәазы азакәан анагӡаразы" иаднакылаз Ақәҵараҟны. Ихатәу аинформациа амассатә хархәагақәа ракәзар, аԥсшәахь ҳаиасыр аудиториа абжеиҳарак ҳцәыӡуеит рҳәоит. Иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡарази аԥсуа бызшәа аинформациа ҳазҭо бызшәаны аҟаҵарази иаҭахуп аҳәынҭқарра адгылара, адырраҭара ҟазҵои аҭыжьыҩцәеи рхарџьқәа хазырҭәаауа афинанстә дгыларагьы абрахь иналаҵаны.

Шьаҿа-шьаҿалатәи аплан аҟамзаареи, анормативтә база аимплементациеи, абызшәа аҿиара афинанстә цхыраара азыҟаҵаразы аԥара азымхареи роуп азакәан документ бӷьыцк аҳасабала мацара аанхара мзызс иамоу. Лассы-лассы ишыҟалоу еиԥш азакәан алеишәа аӷәӷәара  иара анамыгӡарала ихаҭәаауеит.

Иахәҭаны иҟоу аҭагылазаашьақәа разымхара зны-зынла ақәыӷәӷәаратә уснагӡатәқәа рыла ихаҭәаахар уҭаххоит. "Аҳәынҭқарратә бызшәазы Азакәан" аԥҟарақәак рынамыгӡара инадҳәаланы иара авторцәа ажәалагала ҟарҵоит азакәан анагӡашьа иахылаԥшуа, иара адҵақәеи ачынуааи реиқәымшәара ҳәаақәызҵо аҳәынҭқарратә бызшәазы Иҷыдоу Акомиссиа аԥҵазарц. Иаҳҳәап Естониа аинспекциа ҷыда иалшоит аестон бызшәа иақәнаганы иззымдыруа аусзуҩцәа аусураҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц абжьагара аҟаҵара. 

Сара сгәаанагарала ари азнеишьа зегьы иреиӷьуп узазҳәом. Абызшәа иара усгьы аполитикатә инструментк аҳасабала рхы иадырхәарц иаҿуп. Сақәшаҳаҭуп ачынуаҩ аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазароуп ҳәа, аха апрофессионалтә ҩаӡарагьы аҵакы маҷымзар ҟалап. Иара убри аамҭазы изныкымкәа избахьеит чынуаҩык аԥсышәала иқәгылара ашьҭахь ииашамкәа иҳәашьазы акритика изыруа. Убри ацынхәрас, алингвистикатә дырра змоу ауаа иара дырҽхәаны адгылара ирҭароуп, усҟан ауп  аԥсуа бызшәа ахархәара арҭбаарагьы аналыршахо, усҟан ауп аҵарагьы ианадҳаԥхьало.

Зны-зынла угәы иаанагар ауеит џьоукы рзы асеиԥштәи, абызшәа ауаа маҷ рымацара ианырдыруа,  аҭагылазаашьа маншәалоуп ҳәа. Даргьы ирдыруа аӡәы ирҿиҵаар ҳәа ишәоит.

Излалагатәузеи?

Аҳәынҭқарратә бызшәа адырразы адҵа ҟаҵо амчрақәа ируалԥшьоуп иара аҵаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Иалагатәуп ашкотә система аҟынтәи. Аха арҵаҩцәа ирыхәҭоу аулафахәы анырмоуеи аҵаразы ҳаамҭазтәи аметодикақәа рыҟамзаарази аҵара ишақәнаго иалыршахараны иҟам. Иаҭахны иҟоуп  асистематә знеишьа – захь, аҵаратә стандартқәа реиӷьтәреи аҳәынҭқарратә усурахь адкылараан аҭахрақәеи инадыркны ақыҭа аизҳареи рҟынӡа  ауснагӡатәқәа ркомплекс аҵанакуа. Абасала мацара ауп ишалыршахо аԥсуа бызшәа ахархәара арҭбаареи  ишаԥҵахо иара ауаажәларратәи аполитикатәи усхкқәа зегьы рҟны ахархәараз аҭагылазаашьа. Дарбанызаалак Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ илшоит иаамҭа сааҭк акәзаргьы аԥсуа бызшәала аԥхьара ақәырӡра иара убри ала иара ихатәы бызшәа аиқәырхара алыршара.


Ажәабжьқәа зегьы
0