Даниар Чагәаа зыхә ҳараку ахәышәтәра иҭахуп

Анапаҵаҩра
Москва игылоу амедицинатә технологиақәа ринститут асудорога змоу Даниар Чагәаа игәаҭареи ихәышәтәреи рзы идкылара иазыхиоуп.

АҞӘА, рашә 26 — Sputnik, Саид Барганиџьиа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жә-шықәса зхыҵуа Даниар Чагәаа ихәышәтәразы аԥарақәа еизнагоит, ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит амасса информациатә хархәагақәеи егьырҭ аимадарақәеи рза афонд аусзуҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Афонд "Ашана" аусзуҩы лажәақәа рыла Даниар ишаҭаху дзызҳаӡом, ишаҭаху дызцәажәаӡом: иажәақәа еиԥшьӡам, иқәлацәа дырцәыԥхашьоит. Џьынџьалԥҳа излалҳәо ала Даниар ихәышәтәразы 200 нызықь мааҭ аҭахуп.

"Иара ихатә дунеи имоуп, уахь иара изааигәоу, ибзианы иидыруа ауаа рыда аӡәгьы наишьҭӡом", — ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Агәыҳалалратә фонд иара убас иаанацҳауеит Даниар ирлас-ырлас агыртә изцәырҵлоит, усҟан инапы ма ишьапы имнахлоит, ихы иӷәӷәаны ихьо иалагоит.

Даниар иан, Лиудмила Оҭырԥҳа лажәақәа рыла лхәыҷы усҟак амашьынақәеи, ампылқәеи дрылахәмарӡом, зегь реиҳа бзиа иибо Даниар – ақьаад аԥжәара ауп.

"Акы заҵәык исҭаху — ихала ихы дахәартә дҟаларцоуп. Иара заҵәык иоуп иҳамоу, ҳзықәгәыӷуа. Ак еилирго, дцәажәо далагандаз адунеи аҟны уаҳа акы саҳәом", — лыгәҭыхақәа ҳациҩылшеит Дани иан.

Даниар ирласны Москватәи амедицинатә технологиақәа ринститут ахь ишьҭаҵара аҭахуп, уаҟа иара идкылареи, ихәышәтәреи иазыхиоуп.

Уи аинститут аҳақьым Елена Малохова ахәышәтәра ахықәкы ҳзеиҭалҳәеити — асудорога ҟамларц азы иаҭаху атеропиа алхра, иприступқәа рырмаҷра, урҭ рышьҭахь ауп ахәыҷы ихәышәтәра аналыршахо ҳәа лҳәеит аҳақьым.

Жә-шықәса зхыҵуак Даниар Чагаа ицхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа аиагара рылшоит: аҭел аҟны *147*ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Ииажәго аԥара 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа мышкы. Мамзар СМС АГӘЫҲАЛАРА мамзар DOBRO аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит., знык иаашәышьҭыз 20 мааҭ аанагоит. Иара убас абанктә аиагара: "Гарант-банк" "Сбербанка" ахәҭақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит абра www.ashanakbf.com.

Ажәабжьқәа зегьы
0