Агәыҳалалратә концерт "Агәшаҭара анотақәа" 170 нызқь мааҭ еизнагеит

© Sputnik Томас ТхайцукАгәыҳалалратә концерт "Агәшаҭара анотақәа"
Агәыҳалалратә концерт Агәшаҭара анотақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә концертқәа "Агәшаҭара анотақәа" Аԥсны ираԥхьатәиу ахәыҷтәы инклиузивтә хәмарырҭа аргылара ацхырааразы 170 нызқь мааҭ еизнагеит.

АҞӘА, рашә 27 — Sputnik. Атәылаҟны ираԥхьатәиу ахәыҷтәы инклиузивтә хәмарырҭа аргылара адгыларазы Аԥсны ихацыркыз агәыҳалалратә концертқәа "Агәшаҭара анотақәа" 170 нызқь мааҭ еизнагеит, ҳәа Sputnik акорреспондент иалҳәеит афонда "Вереск" аиҳабы Викториа Думаа.

"Ас еиԥш агәыҳалалратә алагарақәа зегьы ацхыраара рыҭатәуп. Ҳара ҳкоманда ессаира еизҳауеит, ауаа ҿыцқәа адҳаԥхьалоит. Зегь реиҳа ихадоу ҳара ҳгәырӷьара – ҳусура алҵшәа бзиақәа абароуп, иҟаҳҵо зегьы шбашам атәы аилкаароуп", – лҳәеит Думаа.

Лара ишаалыцҳауа ала рашәара 27, Пицунда аҩбатәи агәыҳалалратә концерт мҩаԥган, лара лажәақәа рыла Пицундатәи ауахәама аҟны имҩаԥгаз агәыҳалалратә ахәылԥаз аҭааҩцәа зегьы аршанхеит.

"Ауарӷани токкатеи Марина Шамба иналыгӡоз, альт Михаила Алхазов инаигӡогз, аскрипка, ароиаль уҳәа ауахәама аҟны еизаз зегьы ишанханы иазыӡырҩуан", – лҳәеит Думаа.

Думаа излалҳәо ала аконцерт ахь дымҩахыҵит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа.

"Смаар, аконцерт сҽаласмырхәар сымуит. Ари аҩыза агәыҳалалратә концерт уадымгылар иашаӡам. Зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ҳацхыраара рҭахуп", – ҳәа иҳәеит Габниа.

Иара убас Думаа иаалыцҳауеит агәыҳалалратә фонд "Веерск" аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иахь ашәҟәы шынарышьҭыз атәы, "арҭ иреиуоу апроектқәа аҳәынҭқарра адгылара аҭахуп", – лгәаанагара лҳәеит Думаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0