Алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аихшьаала ҟарҵеит

© Sputnik Анжелика БениаԥҳаАлитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аихшьаалақәа ҟарҵеит
Алитературатә еицлабра Ажәа агәылаԥшра аихшьаалақәа ҟарҵеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабранмзазы иӡыргаз алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аҿы иаиааиз рыхьыӡқәа ҳәан Аҟәа, ажурнал "Алашара" аредакциаҟны.

АҞӘА, ԥхн 1 — Sputnik. Аԥсны аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аихшьаала ҟарҵеит ахаша, ажурнал "Алашара" аредакциаҟны.

Аицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аԥхьахәқәа ргеит: апоезиа ажанр аҟны — Каролина Быҭәԥҳа, ажанр апроза аҟны — Наур Гармелиа, аконкурс анҭыҵ, апоезиа ажанр аҟны иҩымҭа алыркааит иара убас Асҭамыр Кәарҷиа.

Аицлабра аидеиа зтәу, иагьхацзыркыз ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа лажәақәа рыла, иааизкны аицабра иалахәын 20-ҩык инареиҳаны аҿар. Апроект аԥшьызгази зхы алазырхәызи зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, Аҿар рполитиказы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Алиас Аҩӡба аицлабра иадымгылар, ҟалашьа амаӡамызт ҳәа азгәеиҭеит.

"Арҿиаҩцәа рыбжьара ахьыӡ ҿыцқәа ахьцәырҵыз сеигәырӷьоит. Агәырцҟәыл бзиа змоу аҿар ацхыраара рыҭара ауп ҳара ҳусура ахықәкы хада. Сара сзы ари раԥхьатәи шьаҿоуп ашәҟәыҩҩцәа аҿарацәа ирыдҳәалоу раԥхьатәи ҳапроектуп", — иҳәеит Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиас Аҩӡба.

Аицлабра ахә шьаны алитературатә журнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ажурнал аԥхьахәқәа шамоу атәы еизаз ирылеиҳәеит.

Алитературатә еицлабра "Ажәа агәылаԥшра" аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа

"Иреиӷьу аҩымҭа бзиақәа ззаԥҵаз рзыҳәан ажурнал аҟны иҟоуп апремиақәа фба, аиҳабыра абиԥара иаҵанакуа реиԥш аҿаргьы рзы, аҿар рыҟны х-премиак ыҟоуп: апоезиа, апроза, акритика рзы. Апрозеи акритикеи ихьысҳаны иҿиоит аҿар рыҩныҵҟа, уаҟа аиндаҭлара ҟалар ҳҭахуп. Ус ажурнал "Алашара" аҳәара ҟанаҵоит аҩымҭақәа змоу ажурнал ахь иаарышьҭларц", — иҳәеит Лагәлаа.

Аицлабра аӡбаҩцәас иҟан алитературатә журнал "Алашара" аредактор Анатоли Лагәлаа, апоетесса Заира Ҭҳаицыкә, "Аԥсуа шәҟәы" аиҳабы Манана Кәыҵниа. Аицлабра рхы аладырхәыр ауан аԥсышәала иҩуа, қәрала 17 инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуа. Алахәылацәа русумҭақәа хәажәкыра 1 инаркны, лаҵарамза 30-нӡа еидыркылон.

Ажәабжьқәа зегьы
0