Асасааирҭа "Гагрыԥшь" - Гагра абырлаш

Анапаҵаҩра
1902 шықәсазы Париж имҩаԥысуаз адунеитә цәыргақәҵаҟны апринц Ольденбургски амҿтәы ресторан "Гагрыԥшь" ааихәеит.

Асасааирҭа "Гагрыԥшь" 1902 шықәсазы Париж имҩаԥгаз адунеизегьтәи ацәыргақәҵа аҟынтә апринц Ольденбургтәи Аԥсныҟа иԥырганы иааиган, араҟа иеизыргеит.

Иара убас, уи ацәыргақәҵа аҟынтә апринцесса Евгениа Ольденбургскаиа илзааган ахан. Ахан иахьанӡа инымхаӡеит: ианԥхасҭаха, XX ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы иԥырган. Асасааирҭа аргылара аус адуларақәа ирылгеит 1903 шықәсеи, даҽа мышқәаки рышьҭахь, ажьырныҳәа 9 рзы иара уброуп Гагратәи аԥсшьарҭа ҭыԥ ахьаартыз. Акурорт аартра мҩаԥган иара уи аресторан аҟны. Аԥхьатәи аԥсшьаҩцәа, акурорт аартра иалахәыз рнапаҟны апринц ириҭеит араӡынтә медалқәа, абри амш азы ҷыдала иҭыжьыз.

Аихагыла амонтаж аан аметаллтә аркра рхы иадмырхәаӡеит. Аресторан "Гагрыԥшь" ҵәымаӷк иадымхаргьы ахархәарада иргылан.

"Гагрыԥшь" иаҭаауан Николаи II, Иосиф Сталин, Антон Чехов, Иван Бунин, Федор Шалиапин, Максим Горьки уҳәа еицырдыруаз ауаа. Уи аресторан аҟны, иара убас афильм "Зимний вечер в Гаграх" аҭыхрақәа мҩаԥысуан.

 

© Sputnik Томас ТхайцукАсасааирҭа "Гагрыԥшь" ажәытә Гагра ишьҭоу апарк азааигәара игылоуп.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
1/11
Асасааирҭа "Гагрыԥшь" ажәытә Гагра ишьҭоу апарк азааигәара игылоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥхьа иандыргыла аҽнеиԥш, 1903 ш. раахыс уажәыгьы аус руеит амеханикатә сааҭқәа, иахьагьы асааҭ напыла аус адыруеит.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
2/11
Аԥхьа иандыргыла аҽнеиԥш, 1903 ш. раахыс уажәыгьы аус руеит амеханикатә сааҭқәа, иахьагьы асааҭ напыла аус адыруеит.
© Sputnik Томас Тхайцук

Асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны афильм "Зимний вечер в Гаграх" асцена хадақәа ҭыхын.


Афотосахьаҟны: аресторан ауада хада.

Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
3/11

Асасааирҭа "Гагрыԥшь" аҟны афильм "Зимний вечер в Гаграх" асцена хадақәа ҭыхын.


Афотосахьаҟны: аресторан ауада хада.

© Sputnik Томас Тхайцук"Гагрыԥшь" иаҭаахьан Николаи II, Иосиф Сталин, апоетцәеи амузыкантцәеи уҳәа еицырдыруаз асасцәа.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
4/11
"Гагрыԥшь" иаҭаахьан Николаи II, Иосиф Сталин, апоетцәеи амузыкантцәеи уҳәа еицырдыруаз асасцәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАсасааирҭа аргыларақәа 1903 шықәсазы ихыркәшан. Аиҭашьақәыргыларақәа маҷк мҩаԥгазаргьы, "Гагрыԥшь" иахьа уажәраанӡа аԥшра-асахьа ацәымыӡӡеит.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
5/11
Асасааирҭа аргыларақәа 1903 шықәсазы ихыркәшан. Аиҭашьақәыргыларақәа маҷк мҩаԥгазаргьы, "Гагрыԥшь" иахьа уажәраанӡа аԥшра-асахьа ацәымыӡӡеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАсасааирҭа аԥхьа ишыргылазҵәҟьа иахьа-уажәраанӡа инхеит уҳәар улшоит, ауадақәа рыҟны ирацәаны амҿтәы амаҭәахәқәа ҩнагылоуп.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
6/11
Асасааирҭа аԥхьа ишыргылазҵәҟьа иахьа-уажәраанӡа инхеит уҳәар улшоит, ауадақәа рыҟны ирацәаны амҿтәы амаҭәахәқәа ҩнагылоуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАфотосахьаҟны иубоит иҷыдоу ашәындыҟәра хәыҷы, уаҟоуп асааҭ аус ахьадыруа.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
7/11
Афотосахьаҟны иубоит иҷыдоу ашәындыҟәра хәыҷы, уаҟоуп асааҭ аус ахьадыруа.
© Sputnik Томас ТхайцукАихагылара амонтаж аан аметаллтә аркра рхы иадмырхәаӡеит. Асасааирҭа "Гагрыԥшь" ҵәымаӷда иеибаркуп.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
8/11
Аихагылара амонтаж аан аметаллтә аркра рхы иадмырхәаӡеит. Асасааирҭа "Гагрыԥшь" ҵәымаӷда иеибаркуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАҳәынҭқар Николаи II Аԥсныҟа 1912 шықәса лаҵарамзазы данаа "Гагрыԥшь" даҭааит, усҟан иаара Александр Ольденбурсгски иҭынхацәа рҭаара иазкын.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
9/11
Аҳәынҭқар Николаи II Аԥсныҟа 1912 шықәса лаҵарамзазы данаа "Гагрыԥшь" даҭааит, усҟан иаара Александр Ольденбурсгски иҭынхацәа рҭаара иазкын.
© Sputnik Томас ТхайцукИара убас ҳара ҳаамҭа аҟынӡа иааӡеит аӡҭаҽҽа, иара "аԥсабаратә рхьшәашәага" аҳасабала еиҿкаан.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
10/11
Иара убас ҳара ҳаамҭа аҟынӡа иааӡеит аӡҭаҽҽа, иара "аԥсабаратә рхьшәашәага" аҳасабала еиҿкаан.
© Sputnik Томас ТхайцукАсасааирҭа "Гагрыԥшь" Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхахьы иаҵанакуеит.
Гагрыԥшь - Sputnik Аҧсны
11/11
Асасааирҭа "Гагрыԥшь" Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынхахьы иаҵанакуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0