Ашықәс иалагазар амигрантцәа шәҩык раҟара ахәтәычымазара рыдбалоуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАлабораториа. Архивтә фото.
Алабораториа. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәымтәылауаа Аԥсны аусура роурц азы, хымԥада ареспублика амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны ргәабзиара гәарҭароуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ашықәс иалагазар аахыс аспид-ҿкратә чымазарақәа ирҿагыланы ақәԥареи урҭ раԥырҟәҟәаареи рзы иаԥҵоу Ареспубликатә центр аҟны ргәабзиара аҭагылазаашьа гәарҭахьеит зықьҩык инареиҳаны амигрантцәа ҳәа Sputnik аинтервиу алҭеит ацентр алабараториа аиҳабы Саида Палԥҳа.

"2015 шықәса ажьырныҳәамза инаркны ҳара ргәабзиара ҭаҳҵаахьеит 1016–ҩык. Ахәтәы зыхьуа ыҟоуп аха иазгәаҭатәуп проценттә еизыҟашьала ичмазаҩу амигрантцәа шеиҵоу аҭыԥантәи ауааԥсыра раасҭа. Амигрантцәа 6,2% ыҟазар, аҭыԥантәи ауааԥсыра 10% ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Палԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, згәабзиара ҭырҵааз 1016-ҩык рҟынтәи ахәтәы В рыхьуан 72–ҩык, ахәтәы С – 18-ҩык.

Аԥсны иҭырҵаауеит ачымазара бааԥсқәа ирҿагыло ахәшәқәа

Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Владимир Аршба ишазгәеиҭаз ала, ареспублика амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны амигрантцәа ргәаҭара хымԥадатәиуп дарбанызаалак амигрант изы, уи араҟа аусура иоурц.

"Ҳара амигрантцәа амедицинатә усҳәарҭақәа рахь ахырхарҭақәа раҳҭоит, урҭ ВИЧ, аимҳәацәгьа, ахәтәы уҳәа реиԥш иҟоу ачымазарақәа рымоу ирымаму аилкааразы. Аусура азин роуеит иахәҭаны иҟоу амедицинатә ршаҳаҭгақәа зауз. Амедицинатә ршаҳаҭга шықәсык ҿҳәараны иамоуп", — азгәеиҭеит иара.

Иара иажәақәа рыла, 2013 шықәса раахыс ахәтәы В, С змоу атәыла иалырцом.

"Ҩы-шықәса раԥхьа атәыла анапхгара рҟынтәи адҵа ҳауит урҭ атәыла иалҳамцаларц. Ҳара, урҭ ара иаанхаар, рдокументқәа рҟны аштамп ықәҳаргылоит афара-чара асистемеи ашколқәраҟынӡатәи аҵаратә усҳәарҭақәеи рҟны аусура азин рымхзаарц", — иҳәеит Аршба.

Саида Палԥҳа лажәақәа рыла, ҳгәыларатәи Краснодартәи атәылаҿацә аҟны амигрантцәа ахәтәы вирус рымоу ирымаму гәарҭаӡом.

"Краснодартәи ҳколлегацәа адырра шсырҭаз ала уаҟа ахәтәы вирус аҟазаара гәарҭаӡом. Уи авирус ашьеи афатәи рылоуп ишеимырдо, еиҳа ишәарҭаны ирыԥхьаӡоит аимҳәацәгьа. Сара ацәшәара сымоуп Китаитәи амигрантцәа аекзотикатә инфекциак ҳаларгалар ҳәа. Уи аҿагылара ҳцәыцәгьахашт", — ҳәа азгәалҭеит Палԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0