АҞӘА, ԥхынгәы 8 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Акоррупциа аҿагыларазы Азакәан Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа еицҿакрыла ирыдыркылеит.
Адепутат Гьаргь Агрба иажәақәа рыла азакәан аусурахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә мчра аорганқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи.
"Ари азакәан хымԥадатәины иҟоуп, иара акыр ҵуеит адкылара аҭахны иҟазижьҭеи, азакәан аусурахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә мчра аорганқәеи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәеи, иныҭкааны аилкаара анаҭоит акоррупциа закәу, иҳәаақәнаҵоит акоррупциа аԥырҟәҟәаареи аҿагылареи ирзырхоу аорганқәа рзинмчрақәа", — ҳәа азгәеиҭеит Агрба.
Ирыдыркылаз Азакәан иазыԥхьагәанаҭоит ауаажәларраҟны акоррупциатә хымҩаԥгашьа адымкылара аиҿкаара иҳәеит адепутат Гьаргь Агрба.
Аԥхьатәи аԥхьараан ирыдыркылаз азакәан, аекономикатә еизыҟазаашьақәа русхкқәа рҟны аӡбрақәа рыдкылара реиҿкаара шьақәнаргылоит – ациҵеит адепутат.
"Аҳәынҭқарра абиуџьет ԥарақәа рыла иаанахәо атехникеи егьырҭ атауарқәеи раахәаразы аукционқәеи, атендерқәеи хымԥада имҩаԥгалатәуп", — азгәеиҭеит Агрба.
Аконкурсқәа рымҩаԥгара азыԥхьагәаҭазароуп аобиектқәа арендла рыҭараан, ахатәтәрахьы риагараан, аҳәынҭқарраҟынтә иарбанызаалак анарда аиураан, иҳәеит иара.
Азакәан иара убасгьы ишьақәнаргылоит антикоррупциатә експертиза амҩаԥгарагьы. Аекспертиза амҩаԥгара азин рымоуп ауаажәларратә еилазаара апартиақәеи аинститутқәеи, инаҵшьны иазгәеиҭеит Агрба.