Ҳаџьымба: аидареи апассаџьырцәеи рымҩангара ҭышәныртәалатәуп

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба. Архивное фото.
Президент Абхазии Рауль Хаджимба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атранспорт азҵаара иазкыз аилацәажәара мҩаԥысит ахаша, ԥхынгәы 8 рзы. Аилацәажәара иалахәын атәыла аиҳабыреи ари аусхк иаҵанакуа аминистррақәа рнапхгаҩцәеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Атәыла аиҳабыреи апрофильтә министррақәа рнапхгареи алархәны атранспорт азҵаара аӡбразы  имҩаԥысыз аилацәажәараҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба Аминистрцәа Реилазаара анапынҵа риҭеит ҩы-мчыбжьа рыҩнаҵҟа аус адуланы ишьақәдырӷәӷәарц ақалақьқәеи араионқәеи рыҩныҵҟа аидареи апассаџьырцәеи рымҩангаразы алицензиа аиура ҳәаақәызҵо Аԥҟара.

"Аминистрцәа Реилазаара анапхгареи атранспорт аусхк аганахьала аусбарҭеи рҿаԥхьа дҵаны иқәсыргылоит атранспорт иадҳәалоу апроблемақәа ӡбашьас ҳәа ирымоу амҩақәа ралкаара. Адәықәларатә пунктқәеи анеира апунктқәеи акассатә нхамҩеи изеиԥш ҭагылазаашьоузеи ирыманы иҟоу? Урҭ зегьы знапы ианыда? Избан арҭ аобиектқәа рыхәҭак ақалақьқәа рхадарақәа изрыҵаркуа? Егьи ахәҭа – атранспорт азы аусбарҭа? Иара убри аамҭазы уаҟагьы араҟагьы аԥшәмаҵас аӡә дахагыланы ҳәа иҟам", — иҳәеит атәыла Ахада.

Аилацәажәараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит атранспорттә инфраструктура аҭагылазаашьа ишунарбо уи иахәҭаны иҟоу анапхгара шамам. Атәыла ахада иажәақәа рыла апассаџьырцәа ныҟәызго рганахьала ауааԥсыра  агәынамӡарақәа аадырԥшуеит. Ҳаџьымба иара убасгьы иҳәеит амҩангарақәа рыхәԥса аганахьалагьы азҵаарақәа рацәаны ишыҟоу.

"Дызусҭада ари аус аиҿкаара знапы иану, атарифқәа шьақәзырӷәӷәода, амашьынақәа рҟны зегьы ирбартәеиԥш урҭ занымзеи. Избан џьоук рҟны атарифқәа акала изыҟоу, аҽаџьоукы рҟны –аҽакала? Қәыӷәӷәарала, дҵаҟаҵарала ацәажәара аӡәгьы изы хра аманы иҟалом"?— азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Аԥҟара, аидарақәеи апассаџьырцәеи ақалақьқәа рыҩныҵҟеи араионқәа рахьи рымҩангаразы алицензиаҭара ҳәаақәызҵо, азырхахоит азеиԥшхарахәаратә транспорт амаршрутқәеи аграфики  рышьақәырӷәӷәара аҭышәныртәалара апроцедура, иара убасгьы апассаџьыртә транспорт амаршрутқәа рыграфикқәа рышьақәырӷәӷәареи урҭ ркьыԥхьреи реиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0