Ҩы-шықәса зхыҵуа Лана Кәыҵниаԥҳа ҳацхыраара лҭахуп

© Sputnik Илона ХварцкияЛана Квициния.
Лана Квициния. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" алагеит ҩы-шықәса зхыҵуа Лана Кәыҵниаԥҳа лыхәышәтәразы аԥареизгара.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит ҩы-шықәса зхыҵуа Лана Кәыҵниаԥҳа лыхәышәтәра ахә ахшәааразы аԥареизгара. Ахәыҷы лгәы амалыр амоуп, агәаԥхьатәи абжьындабжьара агра амоуп. Лыхәышәтәразы иаҭахуп 253 нызқь мааҭ аԥара ҳәа Sputnik адырра алҭеит Амассатә информациа ахархәагақәеи адәныҟатәи аимадарақәеи рнырразы аменеџьер Мактина  Џьынџьалԥҳа.

"Ауаҩы игәаҟны армарахьтәии арыӷьарахьтәии аҟәшақәа абжьындабжьара рымазар, лара лҟны урҭ рыбжьара акылаара ыҟоуп. Нанҳәамзазы аӡӷаб ҩы-шықәса лхыҵуеит. Уаанӡа лара лзы ҳәааркра ыҟамызт, аха уажәы, дныҟәо, дыҩуа даналага, лгәазы ихьанҭахеит. Убри азы иаарласны лгәы аԥҟара аҭахны дыҟоуп, убри азоуп ҳаргьы изаҳаӡбаз аԥареизгара аиҿкаара. Ацхырааразы иҳадҳаԥхьалеит Амассатә информациа ахархәагақәеи асоциалтә ҳақәеи. Сгәы иаанагоит ауаа ари агәаҟра ақәҿырҭып  ҳәа, ҳаргьы иахәҭаны иҟоу аԥара аизгара ҳалшап ҳәа", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.

Лана Кәыҵниаԥҳа лан, Фатима Ченгьелиаԥҳа лажәақәа рыла ахәыҷы дшаны диит, лыкапан 3,8 кьыла  иҟан.

"Ахшараиурҭаҟынтәи ҳара аԥшьымш раан ҳалырҩааит. Ахәыҷтәы поликлиникаҟны акәзар, иаабац хәыҷык иеиԥш илызнеиуан. Иарбанызаалак грак аҳақьымцәагьы ҳара лҭаацәагьы илыдаабаломызт. Хәымз анылхыҵуаз абронхит лыхьит. Дызхәышәтәуаз аҳақьым, Марина Чиқовани, лгәы абжьы шамаз лаҳаит. Лара лажәадгаларала УЗИ ҟаҳҵеит. Аҳақьым лгәаанагарагьы иашахеит", — ҳәа лгәалалыршәоит лара.

Афонд "Ашанаҟны" ахәыҷы лчымазара атәы раҳаит ҵыԥх аԥхын, ааԥхьарыла, Аԥсныҟа Томсктәи акардиологцәа рыбригада ааны ианыҟаз ҳәа ҳалҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Хымш рыҩныҵҟа дара иҭырҵаауан изҭахны иҟаз зегьы ргәабзиара. Томсктәи акардеологиатә ҭҵаарадырратә институт аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит уаанӡагьы Лана илзықәыргылаз адиагноз. Усҟан лҭаацәа ирыдыргалеит аоперациазы Томскҟа анеира, аха дара еиҳа ихьшәаны имҩаԥыргарц рыӡбеит", — лҳәеит афонд аусзуҩы.

Фатима Ченгьелиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит агәы амалыр анамоу ҩ-хырхарҭак рыла ахәышәтәра алыршара шауа: акы – иаарту акардиохирургиатә операциа, егьи – асосудҩныҵҟатәи (аендоваскулиартә) ахәышәтәра.

"Ҳара уаанӡа иҳадыргалахьан иаарту акардиохирургиатә операциа амҩаԥгара, аха ҳара иҳаӡбеит аҩбатәи амҩала ҳцарц. Сара сзы, дарбанызаалак анык леиԥш, схәыҷы лгәабзиара реиҳа ихадароу акакәны сахәаԥшуеит. Ланачка аиашьеиҳаби аиаҳәшьеиҳаби лымоуп. Ҳара зегьы ихьааҳгоит ахәыҷы лгәамбзиара, аха агәра ҳгоит зегь маншәалахап ҳәа", — лҳәеит Фатима Ченгьелиаԥҳа.

Лана лан иара убасгьы иазгәалҭеит ахәыҷы лҩызцәа зегьы реиԥш ишлызҳауа, асахьаҭыхра, акәашара, амузыкатә программақәа рзыӡыҩрра бзиа ишылбо.

"Арҭ аамҭақәа зегьы ахәыҷы лыхәышәтәразы иаҭахны иҟаз аԥарақәа ҳхала иҳаԥшаауан. Ҳауацәеи ҳҩызцәеи ацхыраара ҳарҭон, аха уажәы зыхәԥса дуу аоперациа ҳзыԥшуп, убри азоуп Афонд "Ашанахь" аҳәара зыҟаҳҵаз", – лҳәеит Ченгьелиаԥҳа.

Лана Кәыҵниаԥҳа лыцхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа мышкы. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит асаит www.ashanakbf.com аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0