Семенцов ицәыргақәҵа "Аҟәатәи аамҭа" Шәача идырбахоит

© Фото : предоставлено Еленой СеменцовойСеменцов.
Семенцов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхҩы Александр Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа"Аҟәатәи аамҭа" аатуеит Шәачатәи асахьаҭыхратә музеи аҟны ԥхынгәы 16 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 10 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Асахьаҭыхыҩ Александр Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа "Аҟәатәи аамҭа" аатуеит Шәачатәи асахьаҭыхратә музеи аҟны ԥхынгәы 16 рзы. Абри атәы Sputnik акорреспондент изаалыцҳаит асахьаҭыхыҩ иԥҳа Елена Семенцова.

"Ирацәаҩуп исазҵаауа, избан Шәача? Аҭакс сара исҳәоит саб ицәыргақәҵа Аԥсны мацара акәымкәа урыстәылатәи ахәаԥшыҩгьы ибар сҭахуп ҳәа. Шәачатәи амузеи раԥхьатәи шьаҿоуп, нас – иҵегь ԥхьаҟа ҳцашт", — лҳәеит Семенцова.

Асахьаҭыхҩы иԥҳа иазгәалҭеит аекспозициа "Аҟәатәи аамҭа" аԥҵара аидеиа акыр шықәса шыҵуа ицәырҵижьҭеи, лаб даныԥсы ашьҭахь. 2007 шықәса рзы Аҟәа сааит, илгәалалыршәоит лара, саб иҩызцәа, аус ицызуаз исарҳәеит ацәыргақәҵа еиҿкаазар шыбзиаз. 2011 шықәса рзы  саб иусумҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаан Аҟәа ацентртә цәыргақәҵатә зал аҟны.

Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ашықәс иреиӷьӡоу авторцәа алырхит

"Аԥхьа сара исҭахын ҩынҩажәаҟа иҿыханҵоу аусумҭақәа ықәсыргылар, аха  аграфикеи асахьақәеи реилыхра саналага еилыскааит асахьаҭыхҩы ганрацәала, инарҭбааны иаарԥшра еиҳа ишиашоу, аинтерес шаҵоу. Уажәы ацәыргақәҵахь инагоуп 56 усумҭа. Иҟоуп идуқәоу, имаҷқәоу, иҟоуп амасштабра змоу аусумҭақәа. Асахьаҭыхҩы Аԥснытәии Аҟәатәии иаамҭақәа еиҳа ишеиӷьу ала идырбахоит ацәыргақәҵа аҭааҩцәа", — лҳәеит Александр Семенцов иԥҳа.

Семенцова лажәақәа рыла лара лгәы иҭоуп аҽа цәыргақәҵакгьы аиҿкаара. Уахь иаҵанакран иҟоуп аибашьра атема иазку аусумҭақәа.

"Уаҟа еизгахоит  Аԥснытәи аибашьреи иааидкыланы  аибашьра атемеи  ирыҵаркуа атемақәа – "апокалипсис" асериа. Игәхьаауп, аха ари атема иахьа уажәраанӡагьы актуалра аҵаны иҟоуп. Саб иҟазара аибашьра ақәҿнаҭит. Аԥсны аибашьра анеилгаҵәҟьа, 1994 шықәса рзы, Петербург ацәыргақәҵаҟны,  саб аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа дрықәшәеит. Ари аиԥылара акыр гәырӷьара ацын. Иара убасҟан уа, иҩызцәа иреиҳәеит  аибашьра атема иазку  аусумҭақәа Аԥсныҟа аагара шиҭаху. Убри ацәыргақәҵа ҟалараны иҟоуп, арахь иаҵанакуеит аусумҭақәа рацәаны", — азгәалҭеит Елена Семенцова.

Асахьаҭыхыҩ Александр Семенцов иусумҭақәа рцәыргақәҵа "Аҟәатәи аамҭа" аатуеит Шәачатәи асахьаҭыхратә музеи аҟны ԥхынгәы 16 рзы.

Есыҽны, ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа иддырбалоит зметраж кьаҿу афильм "Алик Семенцов. Аҟәатәи ацәыргақәҵа" (1989г.), иара  ибзиаӡаны ианыԥшуеит арҿиаҩы аус ахьиуаз Аҟәатәи агәарԥ  атмосфера.

Александр Николаи-иԥа Семенцов, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, СССР асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, Санкт-Петербургтәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, апеизажи анатиурморти рҟаза иԥсҭазаара  далҵит 64 шықәса анихыҵуаз, 2005 шықәса рзы.

Семенцов ирҿиара Аԥсны акыр иадҳәалоуп. Ҩеижәа шықәса инарзынаԥшуа Аҟәа дынхон, аусгьы иуан. Аколлекциа "Аҟәатәи аамҭа" иналкаан азгәаҭара ахәҭоуп, избанзар усҟантәи аамҭазоуп иара афизикеи (Александр Семенцов Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҟны аус иуан)  аҟазареи рыбжьара аҩбатәи аԥыжәара анаиҭаз. Усҟантәи аамҭазоуп инапы ианыҵихыз Аҟәа ахаҿреи аԥсҭазаареи бзианы изныԥшуа аусумҭақәа рацәаны.

© Фото : предоставлено Еленой СеменцовойСеменцов.
Семенцов. - Sputnik Аҧсны
Семенцов.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0