Бырзентәыла ауалҳәаҩцәа рыцхыраара аиуразы азакәан апроект иақәшаҳаҭуп

© REUTERS / Francois LenoirГреческий флаг развевается на фоне парламента ЕС в Брюсселе. Архивное фото.
Греческий флаг развевается на фоне парламента ЕС в Брюсселе. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари азакәан апроект ақәшаҳаҭхара иалнаршоит атәыла аекономика аиқәырхаразы ацхыраара апрограмма ҿыц алагареи абырзен банкқәа рыцхраара ахацыркреи.

АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik. Бырзентәыла Апарламент адепутатцәа реиҳараҩык адгылеит атәыла аекономика аиқәырхаразы ацхыраара апрограмма ҿыц алагареи абырзен банкқәа рыцхраара ахацыркреи алзыршо "Аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы ирццаку ауснагӡатәқәеи Адгылара Европатәи амеханизми (ESM) Бырзентәылеи аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵареи" рзы азакәан апроект.

Хышәҩык апарламентарицәа рҟынтәи "ааи" ҳәа рыбжьы рҭиит 229-ҩык, "мап" ҳәа 64–ҩык, абжьыҭира рхы аладмырхәит фҩык.

Бырзентәыла имҩаԥысыз ареферендум аҟны ауалҳәаҩцәа "мап" ҳәа рарҳәеит

Азакәан иадгылеит аиҳабыратә каолициа апартиа СИРИЗА, "Ихьыԥшым абырзенцәа" (АНЕЛ) рпартиа, иара убасгьы аоппозициатә партиақәа "Адемократиа ҿыц", ПАСОК, "Потами" ("Аӡиас"). Азакәан иаҿагылан иқәгылеит Бырзентәыла Акоммунист партиеи арыӷьарахьтәи "Ахьтәы шәаԥшь" апартиа алахәылацәеи.

"Мап" ҳәа зыбжьы зҭииз рыгәҭа иҟан СИРИЗА апартиа аҟынтәи адепутатцәагьы – Аенергетика аминистр Панаиотис Лафазанис, уаанӡатәи Афинансқәа рминистр Ианнис Варуфакис, ԥхьатәара ицаз Афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Надиа Валавани, Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Димитрис Страттулис, Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Костас Исихос. Азакәан иаҿагыланы рыбжьы рҭиит СИРИЗА аҟынтәи зо-ҩык адепутатцәа. Ԥыҭҩык абжьыҭира рхы аладмырхәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0