АҞӘА, ԥхынгәы 16 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 30 нызқьҩык инареиҳаны аԥсуаа ахьынхо Қоџьаели ақалақь аҟны, ԥхынгәы 15 рзы иаԥҵахеит аԥсуаа рхеидкыла ҿыц. Уи напхгаҩыс далхыуп ҳџьынџьуаҩ Ҳасан Қардиа. Уажәшьҭарнахыс Сҭампылтәи аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа иалоу аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа жәиԥшь рҟынӡа инаӡоит.
"Ҳара ҳхықәкы хадақәа ируакыуп атәым дгьыл аҿы инхо ҳажәлар реидкылара, ҳҭоурых азхьаԥшра, убри аан ҳаԥсуара амырӡра, ҳкультура аиқәырхара, еизҳауа абиԥарақәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл разхьарԥшра. Қоџьаели инхо аԥсуаа зегьы реидкыларазы, ҿыц иаԥҵахаз адернеқь аусура алҵшәа аиуп ҳәа сақәгәыӷуеит", — иҳәеит Ҳасан Қардиа.
Қоџьаели ақалақь аҟны, аԥсуаа рхеидкыла аартра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа Аԥснынтә ихы рылаирхәит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа.
"Сара даара ахә ҳаракны исшьоит Ҭырқәтәыла даҽа аԥсыуа хәышҭаарак ахьиз. Избанзар атәым жәлар ирыланхо ҳмилаҭ рхеиқәырхаразы уи акырӡа ицхыраагӡаны сахәаԥшуеит. Қоџьаели инхо аԥсуааи ҳареи аусеицуреи аимадареи уажәаԥхьагьы иҳабжьан, ари нахысгьы иҵегьы иӷәӷәахап ҳәа сгәы иаанагоит. Ааигәа, Аԥснытәи акәашаратә ансамбль "Абаза" ари ақалақь аҟны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль иалахәын. Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахыуп ари аус аҟны иарӷьажәҩаны ишҳавагылаз Қоџьаелиатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Ҳасан Қардиа иҩызцәеи иареи", — ҳәа азгәеиҭоит Сонер Гогәуа.
Абасала, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҽазыршәоит ашәышықәсақәа иргәылганы иааргарц раԥсуара, рмилаҭтә хдырра. Иубаратәы иҟоуп аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рылаԥш шхоу, агәыбылра шрымоу. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны иҟоуп еибаԥшааз аижәланҭәқәа, аамҭаказы аҭоурых еиҟәнашаз аишьцәа. Ишырҳәо ала, аԥсуаа ахырҵәара ианақәыршәаз, рӡыхьқәа ауапақәа рыхдыршәлазар, рхәышҭаарақәа ҿарҳәазар, ирыман гәыӷрак уеизгьы мышкызны рыҩн ду, рыԥсадгьыл ахь ишыхынҳәуаз ала.