Ҳаџьымба: атәыла мрагыларатәи ахәҭа ҭацәыр алшоит

© Sputnik Илона ХварцкияҲаџьымба: атәыла аҵакырадгьыл ахәҭак ҭацәыр алшоит
Ҳаџьымба: атәыла аҵакырадгьыл ахәҭак ҭацәыр алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аҿиара аиуроуп аграртә усхк адагьы атуристтә-рекреациатә усхкгьы ҳәа азиԥхьаӡоит атәыла ахада.

АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Наала Аҩӡыԥҳа. Ареспублика араионқәа рыҿиараҟны аивыгарақәа убартә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит инеиҵыхыз Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны Рауль Ҳаџьымба.

Атуристцәа рхыԥхьаӡара аизҳара инамаданы, Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ауааԥсыра алшара роуит аҟәрышь дырҳартә еиԥш, аха ари аҩыза аҭагылазаашьа ыҟам атәыла мрагыларатәи ахәҭаҟны. Уаҟа аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

"Ари ицәырнагоит аҩныҵҟатәи амиграциатә процессқәа. Ишьҭаханы иҟоу араионқәа рҟынтәи ауаа нхара ииасуеит еиҳа абзазара бзиа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь. Ҳара иахьа ацәшәара ду ҳамоуп ԥхьаҟа атәыла ахәҭак ҭацәыр алшоит ҳәа. Ари амилаҭтә шәарҭадара ҵызшәаауа усуп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара игәаанагарала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны аекономика ахәҭарацәа азыԥшаатәуп. Иеилкаауп ари арегион аграртә раион мацараны ԥхьаҟа аҿиара шамоуа ациҵеит иара.

"Араҟагьы ишьаҭарктәуп атуристтә-рекрациатә усхк. Уи азыҳәан иҟоуп аԥсабаратә рбагақәа. Иаҭахны иҟоу аинвестициақәеи аихәҭоу аинфраструктуреи роуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ахаша, ԥхынгәы 29 рзы имҩаԥысит атәыла Ахада хантәаҩра ззиуаз Аминистрцәа Реилазаара инеиҵыху аилатәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0