АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аҳәса рроль иалацәажәеит анысымҩа асалон аҟны имҩаԥгаз аиԥылараҟны. Ргәалашәарақәа ҳацеиҩыршон ауаажәларратә усзуҩ Аида Ладариаԥҳаи Аҟәатәи абжьаратәи аԥшьбатәи ашкол аҵаратә хәҭа аиҳабы Хаҭуна Ԥлиаԥҳаи.
Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр "Ақәымчра зцым адунеи" адиректор Далила Ԥлиаԥҳа лажәақәа рыла, аҳәсақәа аиааира аагаразы рлагала ахәшьара уадаҩуп.
"Аҳәса рыжәҩа иқәырхит аибашьра иацыз ауадаҩрақәа зегьы. Дара имҩаԥысуаз ахҭысқәа ишаҳаҭцәан мацара акәмызт ишырзыҟаз, урҭ ахҭысқәа рыгәҭаҵәҟьа иалагылан. Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз роума, ирдыруаз-ирзымдыруаз роума, дарбанызаалак, аҟазаареи аҟамзаареи ҳанрыбжьагыла иҳадгыларц иааз зегьы изларылшоз ала ирыцхраауан", — ҳәа азгәалҭеит Ԥлиаԥҳа.
Ари асалон аҟны еизгахоит аӡәаӡәала рҭоурыхқәа ҳәагьы ацылҵеит лара.
"Иарбан мчу ҳара аиааира ҳалзыршаз? Ҩныда-гәарада ԥсадгьылда инхарц акгьы згымыз ауаа ҳхамҟәалеит, иҳалҳаршеит аиааира, уи амацара адагьы иахьа иҳалшо ҟаҳҵоит ҳхәыҷқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш бзиазы. Ҳарҭ зегьы ҳаидызкыло анысымҩа асалон аҵакы дууп. Ирацәаҩны аинтервиу рымаҳххьеит, аха ари аус ԥхьаҟагьы иацҵахоит. Зегьы ҳразҵаалоит ирбаз ираҳаз азы", — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Аибашьраан Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет апресс-центр анапхгаҩы, ауаажәларратә усзуҩ Аида Ладариаԥҳа лажәақәа рыла аибашьраан ҳаиқәзырхаз агәыӷроуп.
"Аибашьрақәа зегьы еиԥшым. Ҳара ҳаибашьра ҳара ҳганахьала ииашан, ихеиқәырхаган. Усҟантәи аамҭазы аӡәырҩы ирымаз агәыӷра, аоптимизм еиқәдырхеит. Ҳара аибашьра ҟалаанӡа зынӡаскгьы ҳақәгәыӷуамызт иара хдыртлоит ҳәа. Аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы уи аҩыза ҟалап ҳәа згәы иаанагодаз", — азгәалҭеит Ладариаԥҳа.
Анысымҩа асалон аартра аидеиа цәырҵит апроект "Историческая память людей" амҩаԥгараан. Ари апроект еицымҩаԥыргон анемец ҭоурыхдырыҩ, асоциолог Андреа Земсков-Циугеии Зураб Ачба ицентр анапхгареи.