Аҟәатәи СИЗО аҟны иҭаку ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ирҿагыланы иқәгылоит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото.
Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргаратә изолиатор аҟны иҭаку иахьҭаку аҭыԥ аҟны иҟоу аҭагылазаашьақәа ргәамԥхакәа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргоит.

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргаратә изолиатор аҟны иҭаку иахьҭаку аҭагылазаашьақәа ргәамԥхакәа аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥгара иалагеит нанҳәа 7 рзы ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Аԥсны адукатцәа Рпалата ахантәаҩы Иван Зарандиа.

"Ахәаша, нанҳәа 7 рзы ҳара Аԥсны уаанӡатәи Ахада иҭархаразы имҩаԥгаз аҽазышәара инадҳәаланы имҩаԥысуаз аусеилыргаратә процесс аҟны ҳаҟан. Ус иаалырҟьаны абжьы цәгьа го иалагеит. Сааҭк аҟара абыжьқәа агара иаҿын нас иҭынчрахеит", — иҳәеит иара.

Зарандиа иажәақәа рыла, иара илшеит еиликаарц иҭакқәоу ргәынамӡара мзызс иамаз.

"Нас сара исылшеит иҭакқәоу гәынамӡарас ирымоу аилкаара. Урҭ иахьҭаку ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ргәаԥхом: ианаамҭоу ҽыкәабара иргом, уахыки-ҽнаки аиԥыларазы ауадақәа рзалхым уҳәа убас иҵегь", — азгәеиҭеит Зарандиа.

Иван Зарандиа иаҳзеиҭеиҳәеит 2014 шықәсазы Адукатцәа Рпалата аҳәарала аҳәса ахьҭаку аҭагылазаашьақәа акыр ишеиӷьтәыз.

"Ҳара ареспублика Апарламент ахь иҟаҳҵаз аҳәарала аҳәса ахьҭаку аҭагылазаашьақәа акыр еиӷьтәын 2014 шықәса рзы. Адепутатцәа рыцхыраарала акамерақәа рҟны аԥшархьыгақәа шьақәыргылан", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит егьырҭ акамерақәа рҟны аҭагылазаашьақәа уаҩ игәы иақәшәо ишыҟам.

"Акамерақәа рҟны уажәы иааузымычҳартә ишоуроуп. Уа аҟазаара акыр иуададҩзар акәхап, асеиԥш иҟоу акциа амҩаԥгара изалагаз. Ауаа асеиԥш иахьыҟоу раанкылара алшом, урҭ абахҭахь ишьҭтәуп", — иҳәеит иара.

Зарандиа иара убасгьы иациҵеит СИЗО аҟны иҭаку иҟарҵаз аҿагылара аганахьала Адукатцәа Рпалата ақәҿыҭра шыҟарымҵац.

Ажәабжьқәа зегьы
0