Grand Opera Gala Аԥсуа драматә театр асценаҿы иқәыҩит

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala
Концерт Grand Opera Gala - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконцерт Grand Opera Gala рхы аладырхәит аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәеи Давид Терзиан напхгара зыиҭо Аҧсны акамертә оркестри.

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik, Наала Аҩӡыҧҳа. Аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәеи Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестри Самсон Ҷанба ихьӡ зху адраматә театр аҟны аконцерт мҩаҧыргеит.

Гнессинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә академиа авокал аҟәша аҧшьбатәи акурс астудент Саид Гобечиа иаҳзеиҭеиҳәеит ҧхьаҟатәи ипланқәа ртәы, иазгәеиҭеит урҭ хымҧада Аҧсны ишадҳәалахо.

"Аҧсны сара исыҧсҭазаароуп. Иахьазы сара насыҧс исоуит Москва, иреиҕьу арҵаҩы – Терентиева Нина Николаи иҧҳа лҟны аҵара сҵартә еиҧш. Уи исылҭо акырӡа ирацәоуп", — иҳәеит Гобечиа.

Алхас Ферызба (абас) Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа доушьҭымҭоуп, иахьазы уаҟа аспирантура дҭоуп. Москватәи аконсерваториа аоператә театр аҟны ашәа иҳәоит, Ирина Архипова лфонд апроектқәа дрылахәуп. Аҧсуа драматә театр аҟны ақәгылара иара изы ахьӡ дуи аҵак дуи аманы дахәаҧшуеит.

Аҟәа иаатит афестиваль "Хьыбла Гьырзмаа шәаалыԥхьоит…"

"Асцена блахкыгоуп, иҧшӡоуп, ибеиоуп. Даара исҭахуп ҧхьаҟагьы араҟа скәгылаларц. Азин ҟалар иалшоит адраматә театр абазала аоператә студиа аҧҵара", — игәҭакқәа дҳазрылацәажәеит Алхас Ферызба.

Иара иажәақәа рыла, иара убасгьы Асҭамыр Кәыҵниа ишиҳәаз ала, ашәаҳәара шьаҭанкыла уҧсҭазаара аҧсахуеит.

"Ашәаҳәара иуднаҵоит ахы аус адулара, арежим ақәныҟәара. Ашәаҳәара сара сыҧсҭазаараҿ раҧхьа игылоуп. Аҭакҧхықәра ду амоуп апублика рҿаҧхьа уқәгыланы уҟазара ацәыргара, уашәаҳәарала ауаа агәырҕьара рыҭара", — иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа авокалтә ҟәша арҵаҩы Жанна Гиумушьиан иазгәалҭеит ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа раҧхьатәи ршьаҿақәа рыцеихызгаз рырҵаҩцәа шракәуу.

"Сара даара сеигәырҕьоит ҳатеатр асценаҟны асеиҧш аҿар ахьызбо. Даара аҟыбаҩ злоу, изызҳаз ракәны иқәгылоит урҭ иахьа. Ҧхьаҟагьы иҵегьы ирызҳашт. Верди, Пуччини, Моцарт рмузыка азыӡырыҩцәа иаҳдырҳашт", — лҳәеит лара.

Аконцерт ахәаҧшҩы Ирина Варда иазгәалҭеит илбаз акраамҭа илхашҭраны дшыҟам.

"Уаҩы иџьеишьартә иҟоуп иахьа избаз. Адунеи асцена дуқәа ирыҧсахаша абжьы рхоуп. Арҭ Аҧсны акультура ахьӡ ҭызго ракәны иҟоуп", — лҳәеит лара.

Аконцерт аҟны Моцарт, Доницетти, Гуно, Пуччини, Чаиковски, рахманинов, гершвин, Верди, Царгәыш уҳәа акомпозиторцәа рмузыка азыӡырыҩцәа иддырҳаит.

© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala.
1/6
Концерт Grand Opera Gala.
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala.
2/6
Концерт Grand Opera Gala.
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala
3/6
Концерт Grand Opera Gala
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala
Концерт Grand Opera Gala - Sputnik Аҧсны
4/6
Концерт Grand Opera Gala
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт Grand Opera Gala.
5/6
Концерт Grand Opera Gala.
© Sputnik Томас ТхайцукКонцерт
6/6
Концерт
1/6
Концерт Grand Opera Gala.
2/6
Концерт Grand Opera Gala.
3/6
Концерт Grand Opera Gala
4/6
Концерт Grand Opera Gala
5/6
Концерт Grand Opera Gala.
6/6
Концерт
Ажәабжьқәа зегьы
0