АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik, Анжелика Бениа. Апоетесса, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Саида Делԥҳа лгәалашәаратә хәылԥаз мҩаԥыргеит Аҟәа нанҳәа 18, амшын аԥшаҳәаҟны.
Апоетесса лгәалашәара иазкны Аҟәатәи аԥшаҳәа иреиӷьу аҭыԥқәа руак аҟны Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҟәа ақалақьтә еилакы идыргылеит лажәеинраала аҟынтәи ацәаҳәақәа зну ахаҳәи уи авра — аихатә ҟәардәи.
Аилак аспециалист хада Есма Кәыҵниаԥҳа иазгәалҭеит еиҳарак ихадоу ахәылԥаз аиҿкаара аҿар иахьырыӡбаз ауп ҳәа.
"Еиҳарак угәы шьҭызхуа ари аҭыԥ ҷыдеи ахәылԥази реиҿкаара аҿар иахьырыӡбаз ауп. Ҳаилацәажәаны Аҟәа иреиӷьыз аҭыԥқәа рҟынтә Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа апарк алаҳхит. Избанзар араҟа ҭынчроуп. Иҟалап мышкызны абра иҳарагылаз аҟардә аҟны апоет ҿа инапала Аԥсадгьыл иазкны аҩымҭа ссирқәа аԥҵахаргьы. Саида Делԥҳа леиԥш иҟоу ауаа рхашҭра азин ҳамаӡам. Иаҳгәалашәонаҵ, ҳаԥсы ҭоуп", – лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, акомитет ахь ажәалагала ҟазҵаз хаҭала апоет Дмитри Габелиеи аҭоурыхҭҵааҩы Џьамбул Инџьгиеи роуп.
"Ҳара, аҿар ҳзы Саида Делԥҳа инлыжьит акрызҵазкуа алитературатә ҭынха. Иаҳҭаххеит лара 50-шықәса лхыҵра иадҳәаланы Аҟәа иреиӷьу ҭыԥ ҷыдак алаҳкаарц. Идуу, ихьшәашәоу баҟак аргылара азакәӡамызт. Лара дышқәыԥшыз аибашьраан лыԥсадгьыл лхы ақәылҵеит, лыԥсҭазаашьеи лхәыцшьеи, лҟазареи ирықәшәо, ахаареи, аԥхареи зцу ԥсшьарҭа ҭыԥк азылаҳхырц ҳаӡбеит", – иҳәеит Дмитри Габелиа.
Иара иажәақәа рыла, агәалашәаратә ҭыԥ аиҿкааразы Аҟәа ақалақь Ахадара иатәу аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аилаки ақалақь Ахадареи ахарџьқәа зегьы рхахьы иргеит. Апроект адгылара арҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи.
Апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа Саида Делԥҳа Аԥсуа литератураҟны лхаҭара дазааҭгылеит.
"Саида Делԥҳа лыхьӡ аԥсуа литератураҟны, аԥсуа поезиаҟны аҵаулара, амҽхак макьана иаҳзеилымкааӡацт. Сара сгәалашәараҟны Саида даанхоит 27 шықәса зхыҵуаз ԥҳәызбаны, агәы зызҭаз поетессак лаҳасабала. Сара сзы Саида Делԥҳа Лоркеи Иуа Коӷониеи рҩаӡараҟны дыҟоуп. Лара ҳпоезиаҟны иахьатәи аамҭазы ҳара иаҳзымҳәац ҳҿахәы зегьы лҳәеит", – ҳәа иазгәалҭеит Сақаниаԥҳа.
Агәалашәаратә хәылԥаз аҟны ажәа лыман Саида Делԥҳа лҩызцәа иреуаз Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Саида дыздыруаз ибзианы иргәалашәоит лцәажәашьеи, лхәыцшьеи, лдунеихәаԥшышьеи. Усҟантәи аамҭазы аҟыбаҩ ҷыда бымоуп ҳәа рҳәартә еиԥш аҭагылазаашьта ыҟамызт. Агәаӷьра ду змаз фырԥҳәысын Саида. Еснагь рашьк дақәтәазшәа зегь раԥхьа дгылан", – лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Саида Делԥҳа лгәалашәара иазкны еиҿкааз аиԥыларахь имҩахыҵыз лҩызцәеи лҭынхацәеи иахәаԥшырц рылшон апоетесса дызныз афотосахьақәа, иазыӡырҩырц рылшон лыбжьы. Усҟан лыбжьы анылҵеит ажурналист Алина Ачԥҳа. Апоетесса аиҿцәажәараҟны илҳәоит "аибашьра еибашьроуп, аибашьраан ауаа ҭахоит, ҳгәы каҳмыжьроуп. Аибашьра ирласны еилгарц азы ҳаззегьы ҳаӡәыкны ҳ-Аԥсадгьыл ахьчаразы ҳаидгылароуп".
Саида Делԥҳа – апоетесса, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Аԥсны 1992-1993 шықәсқәа раан имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатә еибашьра аԥхьатәи амзқәа рзы 27 шықәса шылхыҵуаз дҭахеит.