Кьасоу Ҳагба: Дуров ицымҩасит атеатртә епоха дуӡӡак

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛев Дуров. Архивтә фото.
Лев Дуров. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СССР Жәлар рартист, атеатри акинои рактиор, арежисиор, арҵаҩы Лев Дуров ицны имҩасит атеатртә дунеи аепоха дук иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. СССР Жәлар рартист, атеатри акинои рактиор, арежисиор, арҵаҩы Лев Дуров ицымҩасит атеатртә дунеи аепоха дук иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба Sputnik аинтервиу аҭауа.

"Еицырдыруа артистцәа жәпаҩык рыдунеи рыԥсаххьеит. Сара сгәы иаанагоит дара насыԥ змаз уаан ҳәа, избанзар урҭ рзанааҭ гәыкала бзиа ирбон. Ҳәарада, ицәырҵышт акторцәа ҿыцқәа аха урҭ зынӡа ҽаӡәқәахоит", — азгәеиҭеит Ҳагба.

Артист иҳәеит хаҭала Дуров дшизымдыруаз, аха еснагь иҟазара бзиа ишибоз.

"Лев Константин-иԥеи сареи хаҭала ҳаибамбацызт, аха сара еснагь иҟазара самҵахырхәон. Дуров дахьыхәмаруа акино ахәаԥшра знык уалагар, аҵыхәтәанӡа уахәаԥшыр акәын. Иара дактиор дуӡӡан. Ҿыц иалаго артистцәа рзы дҿырԥшыганы даанхоит", — иҳәеит Ҳагба.

Аурыс актиор, СССР Жәлар рартист Лев Дуров диит 1931 шықәса ԥхынҷкәын 23 рзы, Москва. Дуроваа рҭаацәара еицырдыруа аурыс цирктә абиԥара иаҵанакуеит. 1967 шықәсазы Дуров дҭалоит Броннаиа маҷ иҟоу Москватәи адраматә театр. Акино аҟны аҽҭыхра далагеит 1954 шықәсазы. 160 рҟынӡа роль дыхәмарит.

Ажәабжьқәа зегьы
0