Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik
Кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа аҭоурыхтә ӡеибафара имаҷымкәа ауадаҩра иҭанаргылахьан. Аха XIX ашәышықәсазы дара зықәшәаз арыцҳара ҳәаа амаӡам: жәашықәсала инымҵәаӡоз аибашьра, аҵыхәтәан аҵахара, анаҩс мчыла ахырҵәара,аԥсадгьыл ацәыӡра.
Усҟан иҟалаз ахҵәара ду иахҟьаны иахьа адунеи аҳәынҭқаррақәа жәпакы иԥсаҟьаны ирылаԥсоуп дара. Егьырҭ риашьаратә жәларқәа реиԥш етап-етапла имҩаԥысуаз ахҵәарақәа атәым дгьылқәа рахь иқәнагеит аԥсуаагьы хыԥхьаӡара рацәала. Кавказ еимакны Урыстәылатәи аҳратәратә империа Османтәи аимпериа имҩаԥыргоз аибашьра анынҵәа 1864 шықәсазы иҟалаз ахҵәара ду иаҵанакны мчыла ихҵәаны Османтәи аимпериа иатәыз аҳәынҭқаррақәа рахь идәықәырҵеит "Аԥсны хәыҷы" ҳәа изышьҭаз Мраҭашәаратәи адгьылқәа ирықәынхоз аԥсуаа зегьы аӡәгьы даанмыжькәа. Урҭ иреиуан Бзыԥ инаркны Шәача аӡиас "Шәачаԥсҭа" ҳәа иахьашьҭаз аҟынӡа инхоз аԥсуаа: асаӡқәа – даҽакала ахылҵысқәа, аҳҷыԥсаа, ԥсҳәаа, аибӷаа, цәыџьаа, (цәжьаа). Мраҭашәаратәи аԥсуаа аедыгь жәларқәеи, аубыхқәеи дареи ахҵәара еицақәшәеит. Аамҭак азы Османтәи аимпериахь еицахган.
Ахҵәарақәа ирыхҟьаны иахьа атәым ҳәынҭқаарақәа рҿы инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара иаҳа иахьырацәоу Ҭырқәтәыла ауп. XIX ашәышықәсазы ҳауаажәлар ахҵәара ианақәшәаз аамҭақәа рзы Османтәи аимпериа аҳәаақәа еиҳа иҭбаан. Кавказынтәи мчыла ихдырҵәоз ахҵәацәа Амшын Еиқәа нырцә издызкылоз Османтәи аимпериа рнапхгара ашьхарыуа жәларқәа ибзианы иахьеибашьуаз азы еиҳарак ашәарҭа ахьыҟаз аҭыԥқәа рахь идәықәырҵон. Ирацәоуп Балканҟа иагазгьы.
Егьырҭ Амшын Еиқәа нырцә Хоԥа, Риза, Трабзон, Самсун, Синоп, Зонгулдак, Қьефқьен, Сҭампыл уҳәа аҭыԥқәа рҿы иӡхыҵуан.
Ԥсҳәааи Аҳҷыԥси ирықәҵыз аԥсуаа шьханхыҵҟа иагазгьы маҷӡам. Урҭ иахьагьы уаҟа ҳашьцәа ашәуаа ирыланхоит. Ашьхарыуаа ҳәа рхы иазырҳәоит. Асаӡқәа рацәаҩны иагеит усҟан Османтәи аимпериа иаҵанакуаз Аҷараҟа. Урҭ ирхылҵыз роуп Аҷара инхо ҳадиаспора ахаҭарнакцәагьы.
1866-1867 шықәсқәа рзы иҟалаз ахҵәара аҩбатәи аетап аан ишҳәыԥкыз ахҵәара иақәшәеит Дал, Ҵабал иҭанхоз аԥсуаа. Урҭ аамҭақәа рзы далааи ҵабалааи ахҵәара ирыцақәшәеит абжьыуааи абзыԥқәеи рыбжеиҳараҩык.
Аҩбатәи аетап азы ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа ишиашоу иахьа иахьынхо аҭырқәа идгьылқәа рахь инанамгаӡеит, еиҳарак Дал, Ҵабал иқәҵыз. Урҭ Балканҟа иагеит. Жәаҩа-жәаха шықәса уа анхара рықәшәеит. Уа ицоз аибашьра рҽаладырхәыр акәхеит, абџьар аҵагылара зылшоз зегьы. Аибашьра Османтәи аимпериа анаҵаха, зыԥсы ҭаны инхаз зегьы еиҭахҵәаны иахьатәи аҭырқәа идгьылқәа рахь имаар ада ԥсыхәа рмоуит. Абасала ҩынтә ахҵәара иақәшәеит урҭ. Уахьынтәи ихҵәаз роуп Сириеи Иорданиеи иагаз реиҳараҩыкгьы. Ҭырқәтәылаҟа игьежьыз Дали Ҵабали ирықәшәаз аԥсуаа ндырхеит Бурса, Инегиоль, Есқьешьеҳир, Қьиутаҳиа ақалақьқәа ирыҵаркуа ақыҭақәа рҿы.
Аҵыхәтәаны 1877-1878 шықәсқәа рзы Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реидысларақәа раан даҽазнык аҭырқәа данаҵаха, аԥсуаа иаанхаз еиҭа ахҵәара иақәшәеит. Усҟан абжьыуааи абзыԥқәеи 60-70 процент рҟынӡа Османтәи аимпериахь ихдырҵәеит. Абас, уаанӡа хәыҷ-хәыҷы имҩаԥысуаз ахҵәарақәа аламҵакәа, аҵыхәтәантәи ах-етапк ирыҵанакны ахҵәара зықәшәаз ҳажәлар иахьнанагазгьы иааҟәымҵӡакәа аибашьра иаҿын. Ирацәаҩӡоуп урҭ аибашьрақәа ирылаӡыз, иаанхаз рахьынтә ирацәаҩӡаны амлакреи ачымазарақәеи иргеит. Абарҭқәа ирцәынхаз ирхылҵыз иахьа иахьынхо аҭырқәа идгьыл аҿы Аԥсны инхо аԥсуаа раасҭа рхыԥхьаӡара хынтә ԥшьынтә еиҳауп. Иԥхьаӡаны ишьақәыргыланы аӡәгьы имам, аха 700-800 нызқь рҟынӡа инаӡоит ҳәа азгәарҭоит.
Абасеиԥш агәаҟрақәа ирцәынхаз аԥсуаа зегьы џьарак инымхозаргьы, аетнографиатә гәыԥқәа рыла рҽеидкыланы аҭырқәа идгьыл иаланхоит. Аԥсуаа еиҳа иахьырацәоу Ҭырқәтәыла аҩада-мраҭашәарахьтәи ахәҭахьоуп. Ақалақь ду Сақариа даҽакала Адаԥазар захьӡуи, Диузџьеи иахьрыҵанакуа ауп аԥсуаа рхыԥхьаӡара ахьеиҳау. Араҟа инхоит аԥсуа етнографиатә гәыԥқәа: асаӡқәа — хылҵысаа ҳәа зхы иазызҳәо, аҳҷыԥсаа, ԥсҳәаа, гәымаа, абжьыуаа, абзыԥқәа. Аҳҷыԥси, Аибӷеи, Цәыџьи, Ԥсҳәи ирҭанхоз аԥсуаа Аԥсны ианынхоз мдаҩеиаа ҳәагьы ирышьҭан.
Бурса, Инегиоль, Есқьишьеҳир, Билеџьик, Қьиуҭаҳиа ақалақьқәа ирыҵаркуа аҭыԥқәа рахь инхоит далааи ҵабалааи. Дара ирылаӡҩеит ахҵәара ирыцақәшәаз абжьыуаа.
Убра далааи ҵабалааи ирыланхоит цәыџьаа (цәыжьаа). Аԥсны цәыџьаа нхон хылҵысааи аҳҷыԥсааи рыбжьара. Хықәкыла, Кәыдеԥсҭа аӡиас иаваҵаны Цәыџьыԥсы аиҩхаақәа рҿынӡа. Урҭ иахьа иахьынхо х-қыҭак ыҟоуп: Ҳасандере, Қьиунчес, Ельмабаҳче. Дара цәажәашьала далааи ҵабалааи иреиԥшӡам. Асаӡқәеи аҳҷыԥсааи рцәажәашьа иабжьаратәуп уҳәар алшоит рбызшәа. Аха уа изланхо далааи ҵабалааи рбызшәа анырра ӷәӷәа анаҭахьеит.
Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо етнографиатә гәыԥк аҳасабала рышьҭымҭа аԥшаара уадаҩуп аибӷаа. Ҽынкылашьа ҟамҵакәа иахьеибашьуаз иахҟьаны реиҳараҩык зегьы Аԥсны иҭахеит. Иаанхаз рыҩнқәа, ргәарақәа дара рхала ибылны, рыԥсы злаз рыҽқәа шьны, рышьҭахь акгьы нмыжькәа, наӡаӡа рышьҭа зцәыӡуаз рыдгьыл гәыдкыланы, рнышәнапқәа шьҭыхны рымҩа аҭырқәа идгьыл ахь илырхит. Усгьы ихымҵәар ада уаҳа ԥсыхәа рымаӡамызт. Абасеиԥш усҟантәи аамҭазы иҟазҵаз аибӷааи ԥсҳәааи аубыхқәеи роуп рҳәоит.
Ҭырқәтәыла иахьнанагаз арҭ: асаӡқәа, аҳҷыԥсаа, ԥсҳәаа, абзыԥқәа, абжьыуаа, далаа, ҵабалаа, гәымаа етнографиатә гәыԥ-гәыԥла рҽеидкыланы еиланхоит. Аха, ишазгәаҳҭаз еиԥш, аибӷаа ралкаара мариаӡам. Етнографиатә гәыԥк аҳасабала уа еиқәымхаӡеит. Ԥсҳәаагьы хазы ралкаара мариаӡам. Аҭаҳмадацәа анцәажәо ражәа Ԥсҳәы-Аҳҷыԥсы ҳәа иалагоит. Қыҭақәак рҿы инхо рзы ԥсҳәаа роуп рҳәоит. Егьыс иааидкыланы Аҳҷыԥсаа ҳәа ирышьҭоуп.
Ахҵәара иақәшәаанӡа ԥсҳәааи аҳҷыԥсааи Аԥсны шьханхыҵ-аахыҵ ианеидынхалоз Ԥсҳәы иҭанхоз 20 кыҭа рҟынӡа ыҟан, аха иахьа иахьынхо Ԥсҳәы хазы иалкааны рқыҭақәа рацәак иуԥылом. Амала иҟоуп ажәла Ԥсҳәы. Аҳҷыԥсаа еиҳа ирацәаҩны иахьынхо ақалақь ду Сақариа иаҵанакуа ақалақь хәыҷы Ҳендеқь акәша-мыкәша ауп. Аҳҷыԥсы қыҭақәа 20-28 рҟынӡа ыҟоуп, аха ауааԥсыра ақыҭақәа ирҭыҵны, ақалақьқәа рахь нхара рцара иахҟьаны иҭацәыз ақыҭақәагь маҷым. Аҳҷыԥса қыҭақәоуп: Ефҭениа, Аԥсара, Бычка, Қалаиақ, Кәарацәгьа, Ҭагәареқь, Чақаллық, Ҭаваақ, Хусеиншеих, Ҳарманҭеԥе уҳәа. Аҳҷыԥсы қыҭа дуқәа иреиуоуп: Ефҭениа, Бычка, Қалаиақ, Аԥсара. Арҭ ақыҭақәа шоит ақыҭа хәыҷқәа, даҽакала иуҳәозар, ацуҭақәа рыла. Аҳҷыԥсы қыҭа ду Аԥсара шоит абас: Уанаҿаа рқыҭа, ҭықәшәала Соуқсу ахьӡуп, Цхьынара, мамзаргьы Аԥсара-Цхьынара, ҭырқәшәала Ниуфрен рҳәоит. Ҳалалбеи иқыҭа Ҳалалбеи д-Барҟанын. Аԥсара, ҭырқәшәала – Аиаздаа.
Ефҭениагьы шоит ақыҭа хәыҷқәа рыла:
Егӡаа рқыҭа, ҭықәшәала – Чаиқьиои, Ҳаџьысулеиманбеи иқыҭа, иара д-Ашәбан, Саламан иқыҭа рҳәон. Зеқьериабеи иқыҭа Зеқьериагьы д-Ашәбан.
Ҳаразиаа рқыҭа. Ақсу – аԥсышәала Маан иқыҭа ахьӡуп. Маан иқыҭа ҳәа иахьашьҭоу инхо абзыԥқәа роуп. Урҭ иналкаашәа хазы абра аҳҷыԥсаа ирыланхоит. Ақыҭа зыхьӡ ахыу Маан Кац иԥа Албуз иоуп. Маан Кац иман хҩык аԥацәа Ҟамлаҭ, Титу, Албуз иоуп. Абра Маан иқыҭа инхо аԥсуаа Аԥснынтәи изыцны иааз Албуз иоуп.
Аҳҷыԥсы ақыҭа Ҭагәареқь еиҿызкааз, раԥхьа уа зыуаажәлар зыцны Аԥснынтәи инеиз Аӡагәа-иԥа Ҭагәареқь ихьӡ ахыуп. Ҭагәареқь д-Маршьанын. Чақаллык аԥсышәала иахьӡуп Ҟазлаҭ иқыҭа. Ҟазлаҭгьы д-Маршьанын. Чыуаа рқыҭа ҭырқәшәала Хусеиншеих ахьӡуп. Ҭаваақ – Кацбеи иқыҭа. Кацбеи Аҭеи-иԥан
Ара Аԥсны ишеидынхалоз еиԥш, уа Ҭырқәтәылагьы хаз-хазы, аха еизааигәаны инхоит асаӡқәеи аҳҷыԥсааи.
XIX-тәи ашәышықәсазы Кавказ ҭызҵаауаз аурыс афицар Фиодор Торнау игәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәаҿы иазгәеиҭоит: "Асаӡқәа Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ааныркылоит Гагратәи ахырӷәӷәарҭа инаркны аӡиас Шәача аҟынӡа" ҳәа.
Ҭырқәтәыла асаӡқәа (ахылҵысаа) нхоит ақалақь Адаԥазар акәша-мыкәша, 22 қыҭа рҟынӡа ыҟоуп. Аха қыҭақәак зынӡа ихәыҷқәоуп, ауаа ықәҵны ицахьеит. Асаӡ қыҭа дуқәа иреиуоуп бычкыдере, Қәызулуқә – аԥсышәала Гьачрыԥшь, мамзаргьы Гьеча раҳҭынра ҳәа иашьҭоуп. Ари ақыҭаҿы инхо ишырҳәа ала, дара арахь иаазгаз, ари аҭыԥгьы дзырбаз Геч Рашьыҭ иоуп. Ақыҭа еиҿызкааз, зыхьӡ ахыугьы д-Гьечбан, Шабаҭ ихьӡын.
Асаӡ қыҭақәа иреиуоуп Месудие – аԥсышәала Ҭаҳирбеи иқыҭа, анкьа раԥхьа аԥсуаа уа ақыҭа анеиҿыркааз Цандаа рқыҭа ҳәа иашьҭан, Цанқыҭ рҳәон. Уажәгьы ирҳәалоит. Ақыҭа Қьемалие аԥсышәала Хамышьаа ҳәа ирышьҭоуп. Чаибашьы – аԥсышәала Ҭааԥсаа, ари ақыҭагьы еиҿызкааз Цандаа роуп. Деирмандере – аԥсышәала Гаграа. Ари ақыҭаҿы аԥсуаа аӡәык-ҩыџьак роуп инхаз. Егьырҭ зегьы ықәҵны ақалақьқәа рахь ицеит. Ҭашьбурун – Боуазқьои Шьаҳанбеи иқыҭа, Шьаҳанбеи д-Чуан. Чыуаа Аԥсны Мцасҭа иҭыҵыз роуп. Карадере – аԥсышәала Шәмеихәа иқыҭа. Ионгаллық – аԥсышәала Безир иқыҭа, Алаач – аԥсышәала Лаҳәа иқыҭа, Гебешь – Арыдаа рқыҭа.
Асаӡ қыҭа ду Бычкыдерегьы Арыдаа рқыҭоуп. Ақыҭа еиҿикааит Арыдба Исмаил. Дара Аԥснынтәи ианцоз Адлер иқәҵит.
Абра иаазыркьаҿны ҳарзааҭгылеит асаӡқәеи аҳҷыԥсааи Ҭырқәтәыла реиланхарҭа ҭыԥқәа. Амшын Еиқәа иаԥныз адгьылқәа рымпыҵахаларазы Урыстәылатәи аҳратәратә империа Кавказ имҩаԥнагоз аибашьра нҵәеит аԥсуа етникатә гәыԥ аҳҷыԥсаа рыдгьыл Мзымҭа аӡиас аиҩхаақәа рҿы, Гәбаадәы ҳәа иахьашьҭаз ақыҭаҿы. Арҭ адгьылқәа ирықәҵыз аԥсуаа хыхь ишаҳҳәаз еиԥш еиԥш, рҽеидкыланы ҭырқәтәыла ақалақь дуқәа Сақариеи Диузџьеи рыкәша-мыкәша қыҭа-қыҭала еидынхалоит. Рхы аԥсуа ҳәа азырҳәоит. Раԥхьаӡа ҳаԥсыуаауп рҳәоит, насоуп ҳаҳҷыԥсуп, ҳсаӡуп анырҳәо. Иахьынтәықәҵыз аҭыԥгьы Аԥсны ҳәа ада уаҳа даҽакала хьӡык азырҳәаӡом.
Аха рыцҳарас иҟалаз, иахьа уажәраанӡа дара ахьынхоз аԥсшәа зхамышҭыц аԥсабареи адгылқәеи ԥсыуакгьы ишьҭа рызнымхеит аԥсышәала ицәажәо аҭыԥхьыӡқәа рыда.