Аԥсуа исасдкылара шьагәыҭс иамоу апатуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа ԥацха
Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа наџьнатә аахыс ҳаиҷаҳаны иныҟәааго, ҳахьӡ хара излацахьо амилаҭтә ҟазшьақәа ируакуп асасдкылара, нас уи иадҳәалоу аҵасқәа зегьы. Иахьа ҳара ҳҟынӡа иҵасны иааӡаз зегьы ҵакык-ҵакык рымоуп. Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рҿы асасдкылара шеиқәхаз атәы далацәажәоит ажурналист Нонна Ҭхәазԥҳа.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы аҵак ду амоуп асасдкылара. Дарбан аԥсуазаалак изын асас пату, ҳаҭыр ду иқәуп. Аԥсуа имоу иреиӷьу зегьы асас изкуп. Асас аҩнаҭа данымҩахыҵуа ашьтәа шизыршьуа зегьы еицырдыруа акоуп. Уи асас пату иқәҵара иатәуп.

Имырӡкәа иааҳго аҵас

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа асас ашьтәа изшьра ақьабз иахьа уажәраанӡагьы игәцаракны иныҟәыргоит. Асас ашьтәа анизыршьлак, еиҿыхны ахәҭақәа шеибгоу абысҭа иаварҵоит. Абысҭа аишәа ианықәырҵо, ачуан ишҭыҵыз еиԥш ишеибгоу идуу акы ианырҵоит. Рахәыцла ма ҳәызбала иԥырҟҟоит, еихшаны ҿахра-ҿахрала иҟалоит. Абысҭа агәҭа иҭарҭәоит ахәша. Ажәытәан ахәша аҭыԥан акакан иалырхуа арашы-хәша ҭарҭәон. Иара иаакәыршан иаварҵоит ашьтәа ахәҭақәа: ахыбжа, аԥылгды (ҭырқәтәылатәи аԥсуаа ари амаха ҳәа иашьҭоуп), ажәыҩшәаҟьа, агәы, агәаҵәа уҳәа.

Абри акәац ақәҵашьаҿы заегь реиҳа ихадоуп ахыбжа. Аишәа ианықәырҵо ахыбжа еицу асасцәа иреиҳабу иҿаԥхьа иқәырҵоит. Иара иаварҵоит амаха ҳәа ззырҳәо аԥылгды. Ахыбжа аҿаԥхьа иқәырҵоит ажәыҩшәаҟьа. Ахыбжеи ажәыҩшәаҟьеи рыбжьара егьырҭ ахәҭақәа.

"Схы аҟара пату сызуқәуп"…

Аишәа иқәырҵо акәац ахәҭақәа зегьы ҵакык-ҵакык рымоуп. Аҵакы хада – асас пату иқәҵара ауп. Ахыбжа – схы аҟара пату сызуқәуп ҳәа аанагоит. Аԥсаса шьтәа аџьма ма ауаса ахыбжа ауп аишәа иқәырҵо. Уи ахыбжа ҵаҟатәи ахәҭа ауп. Хыхьтәи ахәҭа аишәа иқәырҵаӡом. Агәи агәаҵәеи – сгәи сгәаҵәеи реиԥш узбоит ҳәа аанагоит аԥшәма иганахьала асас иахь. Ажәыҩшәаҟьа аишәа ақәҵара ҵакыс иамоу – ажәытә аԥсуаа иара иаԥшны иҟалоз рбон ҳәа ауп. Аишәа ианахатәалак ажәыҩшәаҟьа шьҭыхны аиҳабы иаԥхьа иқәырҵон, иаргьы уи даԥшуан.
Ашьтәа рзыршьуеит: а) асасцәа-дахьқәа харантә иааз, б) ақыҭаҿы уаҩшьрак, ҭыԥҳамҵарсрак уҳәа уск аныҟало еилзырго аиҳабацәа-аӡбаҩцәа, в) аҭыԥҳа лнапы иаҳәарц азын лҭаацәа рахь ирышьҭуа аиҳабацәа, г) аҭаца данаарго илыцу аҭацаҩыза, иара дарԥысуп, аҭаца илзааигәоу, лыуа-лҭахы рахьынтә аӡә иоуп. Абарҭ акатегориақәа ирыҵаркуа асасцәа ашьтәа анырзыршьлак, хыхь ишазгәаҳҭаз еиԥш, аишәа иқәырҵоит.

Абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

Асасцәа дахьқәа анырҭаауа, раара хықәкыс иамоу, иззааз уҳәа ирыхәаԥшны, аԥсаса ма ашьамаҟа рзыршьуеит. Ашьтәа аныршьлак, ирҭааз асасцәа зааз аус зеиԥшроу еиԥш ала, акәац аишәа ианықәырҵо ахыбжа ақәҵашьа ахатәы кәама-ҵамақәа амоуп. Иаҳҳәап, аӡәы уск дақәшәазар, ма ус дук ҟалазар, уи аӡбаразы хара-ааигәа аиҳабацәа адыргалон. Ари ахҭыс ақыҭа зегь алахәын. Аус зызкызаалак, иара зыхьыз имацара иакәымкәа, ақыҭа зегьы ирусны ирыԥхьаӡон. Харантә ирзааз рысасцәагьы аусӡбара нҵәаанӡа ақыҭауаа аӡәаӡәа иргон, ашьтәагьы рзыршьуан. Аус зызкызаалак ақыҭа зегьы ахара рыдны рхы рбон, уи аӡбарагьы даара иазҿлымҳан.

Аусӡбара аҵыхәтәахьы ианнеилак, уи аӡбаҩцәа зегьы ашьтәа рзыршьуан. Усҟан уаҟа иҟан зус рыӡбо аҩ-ганкгьы рхаҭарнакцәа, ақыҭауаа, аиҳабацәа, урҭ рымаҵ зуа аиҵбацәа уҳәа ауаа рацәа. Аԥшәмацәа ашьтәа еиҿыхны аишәа андырхиалак аӡбаҩцәа иреиҳабу акрыфара иалагаанӡа дныҳәоит, аус ирыӡбоз дахцәажәоит, аишәа зырхиаз аԥшәмацәа, амаҵ зуа аиҵбацәа зегьы иныҳәоит. Нас иаԥхьа иқәырҵаз ахыбжа алымҳа ԥиҟоит, еицу иреиҵбу акәац ԥыҟҟа ҳәа идиҵоит. Аиҵбагьы акәац ԥиҟҟоит, жьыхәҭала еилихуеит, аишәа иахатәоугьы ирзишоит. Ирҳәоит, алымҳа ԥҟаны ақәҵара – Аԥсны иҟалоз аибашьрақәа ирыдҳәалоуп ҳәа. Аиҳабы ахыбжа алымҳа ԥҟаны аиҵбы иаԥхьа ианықәиҵо – ашәарҭара ҟалозар угәуҽаныз ҳәа ауп иаанаго.

"Убла сара сҿы иҟаз, улымҳа адәахьы иҟаз"…

Аҭыԥҳа лҳәаразы лҭаацәа рахь аиҳабацәа анырышьҭуа, ашьтәа анырзыршьлак асасцәа еицу реиҳабы дныҳәоит, иззааиз аус ажәа ахиҳәаауеит, анаҩс ахыбжа алымҳа хҵәаны аишәа агәҭа иқәиҵоит. Избанзар, ара еицу зегь еиҳабацәоуп. Амала аишәаҿы ирыдтәалам аиҳабы аҩнаҭаҿы дыҟазар, ахыбжа иара изишьҭуеит. Ахыбжа ззынарышьҭыз аиҳабгьы кәац жьыхәҭа бзиак ааишьҭуеит. Ари наҟ-ааҟгьы патуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп. Аишәа иахатәоу асасцәа реиҳабы иишьҭыз ахыбжа зауз аиҳабы иҟынтәи ажьыхәҭа ааргаанӡа, иара акрыфара напы аиркӡом, ицугьы зегьы иара изыԥшны итәоуп. Иара инапы акрыфара иаиркаанӡа аӡәгьы иаиркӡом.

Абарҭ асасцәа ззааиз аус аԥшәмацәа зықәшаҳаҭым, ма ирҭахым уадаҩрак ацзар, ахыбжа ацлымҳәа аҵхны иқәырҵоит. Уи иаанаго – шәара ҳара шәҳасасцәоуп, пату шәықәыҳҵоит, аха шәыззааиз аус уадаҩрак ацуп ҳәа ауп. Ас ианыҟало, асасцәа реиҳабы ахыбжа алымҳа хҵәаны ирыцу аиҵбы иаԥхьа иқәиҵоит. "Угәуҽаныз, иакәым сҳәозар, убла сара сҿы иҟаз, улымҳа адәахьы иҟаз" ҳәа аҵанакуеит. Аҭыԥҳа хаҵа данцо, илыцу аҭацаҩызаизы ашьтәа ршьуеит, лара аргама даазар – ачара ашьҭахь. Ашьтәа хазы изшьны, пату иқәҵаны доурыжьҭуеит аҩныҟа.

© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаАбысҭа
1/3
Абысҭа
© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаҬырқәтәылатәи аԥсуаа асасдкылара шымҩаԥырго
2/3
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа асасдкылара шымҩаԥырго
© Sputnik Нонна ҬхәазԥҳаАбысҭа иакәыршаны акәац ахәҭақәа рықәҵашьа
3/3
Абысҭа иакәыршаны акәац ахәҭақәа рықәҵашьа
1/3
Абысҭа
2/3
Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа асасдкылара шымҩаԥырго
3/3
Абысҭа иакәыршаны акәац ахәҭақәа рықәҵашьа

 

Аҭаца маӡала данаауа џьара ддыртәоит – аԥшәма иқәлак, игәылак-иҭахык иҟны. Абри аԥшәма иҩны иаанагаз аԥҳәызба лҭаацәа "шәыԥҳа сара сҿы дыҟоуп, шәылцәымшәан" ҳәа ажәа рзицхауеит. Ас ианыҟалалак, аиҳабацәа аԥҳәызба лҭаацәеи даазгаз иҭаацәеи ирыбжьалоит. Убри аамҭазы лара илыцыз аҭацаҩыза лара дахьыҟоу дыҟоуп, даанижьӡом. Аҭаца лҭаацәа ақәшаҳаҭхар, аҭацаҩыза ашьтәа изыршьуеит, зны-зынла ачара ашьҭахь ианизыршьуагь ыҟоуп. Аҭацаҩыза ашьтәа анизыршьлак, аҩны иҟоу аиҳабы, ма уи иаҵкыс еиҳабу агәылара дыҟазар, ахыбжа алымҳа хымҵәаӡакәа уи изишьҭуеит. "Саргьы жәлантәык, еиҳабцәақәак рыхьӡала ара сыҟоуп, дара исдырбаз ҟасҵоит" ҳәа аҵанакуа аиҳабы пату иқәиҵоит.

Аҭыԥҳа дымҵарсны дааргазар, хымԥада лҭаацәа рахь аиҳабацәа рышьҭуеит. Избанзар аҭаацәа ақәшаҳаҭымхар, аус алҵыр алшоит. Аҭаацәа рахь ирышьҭыз аиҳабацәа ашьтәа ахыбжа абыз амхны ирымҵарҵазар, ҳара иаҳҳәо ауп иҟало ҳәа аанагоит. Абыз шамоу иқәырҵазар, шәара ишәҳәо ҟалоит ҳәа аанагоит.

Абас еиԥш акәамаҵамақәа зцу ахыбжа аишәа иқәызҵо аҳҷыԥсааи, асаӡқәеи абзыԥқәеи роуп. Дал-Ҵабал иқәҵыз аԥсуаа ахыбжа аҭыԥан иқәырҵо аԥылгды – дара ишырҳәо ала амаха ауп. Ашьтәа асас изшьра, ишазгәаҳҭаз еиԥш, жәытә-натә аахыс аԥсуа иныҟәиго ақьабз иалоу акоуп. Аха иалкаатәуп, аишәа иқәырҵо ахыбжа зтәу аԥсаса мацара шакәу. Ашьамаҟа ршьызар, уи ахыбжа аишәа иқәырҵаӡом. Насгьы ашьамаҟа рзыршьуеит ауаа анырацәоу. Ахыбжа зымҵарҵо асасцәа – дара рхыԥхьаӡара мыцхәы ианырацәам ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0