32 шықәса рышьҭахьтәи аибаԥшаара

© Sputnik Томас ТхайцукВетеран ВОВ Екатерина Хирьянова
Ветеран ВОВ Екатерина Хирьянова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik асаит аҟны икьыԥхьыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран Екатерина Хирианова лҭоурых ақәҿыҭра аиуит Амуртәи аобласт аҟынтәи.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амуртәи аобласт аҟны инхо Сергеи Мицкан 32 шықәса рышьҭахь Аԥсны диԥшааит игәакьа — Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран Екатерина Хирианова.

Екатерина Хирианова лаҳәшьа лмоҭа Сергеи Мицкан "Аиааира ду ҳзаазгаз" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Sputnik асаит аҟны икьыԥхьыз, Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран Екатерина Хирианова лҭоурых данаԥхьа, аинформациатә агентра аредакциахь адырра ҟаиҵеит лыԥшаараҿы ицхраарц.

"Лареи сареи ҳаибабон 1983 шықәса рзы. Усҟан сара быжь-шықәса ракәын исхыҵуаз. Уиаахыс 32 шықәса ҵхьеит. Ҳара ҳаицәыӡны ҳаҟан. Екатерина Павел-иԥҳа сара санду Мариа лаҳәшьа гәакьа лоуп. Саныхәыҷыз лассы-лассы Аԥсныҟа ҳцалон. 1991 шықәсанӡа ашәҟәқәа ҳабжьысуан, аибашьра ианалага ҳаицәыӡит", — ҳәа еиҭеиҳәеит Мицкан.

Хышықәса раԥхьа реимадара ахы акит аха нас еиҭах еиԥҟьеит.

Установка баннера - Sputnik Аҧсны
Апроект “Аиааира Ду ҳзаазгаз” раԥхьатәи абаннер кыдҵоуп

"Хышықәса раԥхьа сара лҭел аномер сыԥшааит машәыршәа, аха нас исцәыӡит. Екатерина Павел-иԥҳа лыԥшаара аинтернет ала салагеит. Лыхьӡи лыжәлеи анасырбоуп асаит Sputnik Абхазия ахь саннанага. Уаҟа лара илызкны аочерк анын. Иарбаз аномер ала аҭел сасит. Шәара даара агәырӷьара ду ҳзаажәгеит", — иҳәеит Мицкан.

Лаҳәшьа лмоҭа лыԥшаара дшаҿу азы ажәабжь Екатерина Хирианова агәырӷьара ду лызцәырнагеит.

"Сара даара сеигәырӷьеит Сергеи сахьиԥшаауа. Урҭ еснагь гәыҵхас исыман, аха рхабар ҳәа акгьы сыздыруамызт. Акызаҵәык – сцартә саартә еиԥш алшара сымам", — лҳәеит Хирианова.

Екатерина Хирианова лаҳәшьа Мариа лыԥсҭазаара далҵит 1998 шықәса рзы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеран Екатерина Хирианова 33-тәи абаталион даланы Баҭым анемецтә авиациа ахылара иацәылыхьчон.

© Фото : из личного архива Екатерины ХирьяновойВетеран ВОВ Екатерина Хирьянова (справа)
Ветеран ВОВ Екатерина Хирьянова (справа) - Sputnik Аҧсны
Ветеран ВОВ Екатерина Хирьянова (справа)

 

Ажәабжьқәа зегьы
0