Х-нызқьҩык рҟынӡа ахҵәацәа еизеит Сербиеи Венгриеи рҳәааҟны

© Sputnik / Сергей Потеряев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛагерь мигрантов.
Лагерь мигрантов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Х-нызқьҩык рҟынӡа ахҵәацәа еизеит Сербиеи Венгриеи рҳәааҟны. Дара ражәақәа рыла, урҭ арахь иааит сербиатәи аиҳабыра ирынаҭаз адәыӷба ала. Иааз рҟынтәи ԥыҭҩык аангылеит аиҟәыҭхаратә цәаҳәаҟны, уаҟа идыргылеит амшьамбатә қьалақәа.

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Шәҩыла ахҵәацәа изакәанымкәа иаангылеит Сербиеи Венгриеи рыбжьара аиҟәыҭхаратә цәаҳәаҟны ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара Венгриа алалара ҳацәшәоит, избанзар уаҟа аполициа ҳҭаҩны алагер ахь ҳрышьҭуеит. Усҟан Венгриа ҳаанхар акәхоит, аӡәырҩы Германиаҟа ҳаиасыр шаҳҭахугьы" — иҳәеит ахҵәацәа руаӡәык.

Абри аламҭалазы Сербиеи Венгриеи рҳәааҿ еизеит х-нызқьҩык инарзынаԥшуа ахҵәацәа. Дара ражәақәа рыла, урҭ арахь иааит сербиатәи аиҳабыра ирырҭаз адәыӷба ала. Иааз рҟынтәи ԥыҭҩык Венгриатәи амчрақәа еиҿыркааз алагерқәа рахь ицеит, ԥыҭҩык шьапыла рхы дырхеит Будапештҟа аха аполициа уи алыдмыршакәа иааныркылеит.

Аҽа ԥыҭҩык иара уа, аиҟәыҭхаратә цәаҳәаҟны иаангылеит. Идыргылеит амшьамбатә қьалақәа, амца еиқәҵаны рхәы ҟарҵоит. Иҟоуп аҳәаахьчаратә ҳәышәҭ ихаланы аҳәамҭақәа ҟазҵалогьы: "Ҳара иҳаԥшаауеит аполициа раҩсшьа амҩа. Ҳара иаҳҭахым Венгриа аангылара. Хаҭала сара исҭахуп Англиаҟа сцар", — иҳәеит Сириатәи ахҵәаҩцәа руаӡәк.

Амиграциатә ҭыԥ Реске Венгриа аладатәи ахәҭаҟны иҟоуп. Уаанӡа уаҟа ацыганцәа нхон, аха уажәы Африкеи Мрагылара Ааигәеи ртәылақәа рҟынтәи ахҵәацәа рзы хысырҭатә базаны иҟалеит.

2015 шықәса алагамҭа инаркны Евроеидгыла аҵакырахь иаахьеит 350 000-ҩык ахҵәацәа. Есыҽны урҭ рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом. Еврокомиссиа аҳәамҭа ҟанаҵеит адунеи аҟны иахьатәи амиграциатә кризис еиԥшу ҟамлацызт Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аахыс ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0